Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа Апарламент ашҭа аанрыжьит

© SputnikУ парламента Абхазии после акции сторонников Адгура Ардзинба
У парламента Абхазии после акции сторонников Адгура Ардзинба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа иахьа Апарламент ахь инеиит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Аминистрцәа реилазаара аԥхьа аизара ианалага ашьҭахь.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа еимыҵит. Уажәы Апарламент ашҭаҿы иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәақәак роуп ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аамҭақәак раԥхьа Адгәыр Арӡынба ааԥхьара ҟаиҵеит еизаз рыҩныҟақәа рахь ицарц.

Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Валери Бганбеи ахадарахьы акандидатцәеи реиԥылара иацҵахоит хәажәкыра 4 рзы

"Ара агылара аҭахны избом. Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит. Аанхара ахәҭоуп ҳәа изыԥхьаӡо аӡәыр шәыҟазар мап сҳәом, аха уажәазы аџьабаабара аҭахны иҟам ", -иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа иахьа Апарламент ахь инеиит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Аминистрцәа реилазаара аԥхьа аизара ианалага ашьҭахь.

Аматериал акьыԥхьра аамҭазы Бжьаниа идгылаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр ишеиҵахазгьы Аминистрцәа реилазаара ашҭаҿы иҟан.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Хәажәкыра 3 рзы ашьыжь аҳәамҭа ҟаҵан Бжьаниа акома далҵит ҳәа.

Аслан Бжьанииа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа иҳәеит Бжьаниа алхрақәа дызрылахәымхар, алхрақәа рыҿҳәара анахара азҵаара иалацәажәатәхоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0