Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашба Гәылрыԥшь афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахразы: анхацәа аԥхьаӡагақәа мап рцәыркуеит

© Foto / предоставлено Нугзаром ХашбаНугзар Хашба
Нугзар Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу "Амшынеиқәафымчам" афилиал аиҳабы Нугзар Ҳашба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахра иадхәаланы имҩаԥырго аусқәа шеихҿкаау атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳашба Гәылрыԥшь афымцатә цәаҳәақәа рыԥсахра иазкны

"Ԥшьаԥ аладахьтәи аган, Аихамҩатә мҩаду ҳәа ззырҳәо аганахьала аус ҟаҵаны ҳалгеит, аха ҳгәы нзырхо анхацәа зегьы цқьаӡа икаххаа ианырзыҟаҳҵа афымцалашара зыҩуа асчетчикқәа ақәыргылара мап ацәыркит. Инырхуа рдыруеит, иаҩуа рдыруеит, убри акәхап изырҭахымхазгьы. Уи проблемас иҳамоуп, аха ауааԥсыра ҳусура хәыҷык пату ақәырҵар бзиан. Естонка ҳус ҳалгахьеит, ҩтрансформаторк ықәҳаргылахьеит, уаҟа алашара аԥхьаӡагақәа ықәҳаргылеит, аӡәгьы акгьы ҳаимҳәеит, уажәы уахьынтә ҳаиасын Баӷмаран аусура ҳаҿуп. Аусутә ыҟоуп иара аанкылаӡам атрансформатортә станциа маҷқәа ԥшьба ҳарҭан убырҭ рышьақәыргылара ауп уажәазы ҳазҿу, уи ҳалгар иаҳарсыз ашьаҟақәа, рыла ацәаҳәақәа рымҩангара ҳалагоит. Баӷмаран ажәытә шьаҟак ааныҳмыжьырц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0