Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит Аҟәа ашәаԥыџьаԥ реилыргаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы

© SputnikАлхас Џьапуа
Алхас Џьапуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аунитартә наплакы "Ариаҵәаратә нхамҩа" аиҳабы Алхас Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьапуа аҳҭнықалақь аҿы ариаҵәаратә нхамҩа имҩаԥнаго аусурақәа рзы

"Ҳара ҳус ҳаҿуп ӡынгьы-ԥхынгьы. Уажәы Аҳабла ҿыц аҿы аусурақәа мҩаԥаагоит. Аҵлақәа ркаҿара ҳаҿуп. Уи аус мызкаҟара ҳаҿызаауеит, нас ҳаҟәыҵуеит, ачықьқәа рхырффара ҳалагоит, избанзар аҵлақәа рҿы авегетациа дәықәлоит. Иааиуа амчыбжь аза амшын аԥшаҳәаҿы аусурақәа мҩаԥаагоит, анаҩс Воронов ихьӡ зху амҩаду инаркны Алашарбага аҳабланӡа. Аолеандрқәа игылоу ракәзар, имаҷны икаҳҿоит. Ииасуа ауаҩы ихы аҵакьысуа иҟамлартә еиԥш. Апальмақәа ракәзар, аԥхаррақәа дәықәлар, рыхәшәтәра ҳалагоит. Атекникеи ауааи рыла ҳаиқәшәоуп. Ахәшәқәа ҳарҭар, ҵыԥх еиԥш сынтәагьы аусурақәа мҩаԥаагоит. Жәамш-жәохәымш рыла ақалақь аҿы иҟоу аҵлақәа зегьы хәышәтәны ҳалгоит. Акызаҵәык, икаҳҿо амахәҭақәа ахькаҳажьуа аҭыԥ маншәаланы иҳамам, иара Одышь ҳәа иахьашьҭоу Ҷанба аҩадахьы ауп иахьыҟоу, аха амшцәгьақәа раан амахәҭақәа рбылра уадаҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

 

Ажәабжьқәа зегьы
0