Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳақьым Џьопуа: амлашьра ашәарҭарақәа рацәаны иацуп

Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акрымфара ауаҩы игәабзиара ишаныԥшуа атәы.
Аҳақьым Џьопуа: амлашьра ашәарҭарақәа рацәаны иацуп

"Ҳәарада, ауаа ргәабзиара ашәарҭара иҭагылоуп, рыкапан иагхеит, рымчқәа шмаҷхо иумбар залшом. Ауаҩы данымлашьуа, ишьа иалоу ашьақар млеир ауам, уи ауп еиҳарак ишәарҭоу. Ахроникатә чмазарақәа змоу ыҟазар, амлашьра урҭ ҿыцны иарҵысуеит. Ауаҩы имч ианацрыӡаауа ачымазара хкқәа шьҭикаар ауеит. Ауаҩы дычмазаҩымкәагьы амлашьра далагар, ачашьақар чымазара иоур ҟалоит. Амлашьра агәабзиара ԥырхага азҭо ашәарҭарақәа рацәаны иацуп", - иҳәеит Џьопуа.

Асида Кортуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амлашьра иалахәыз Кортуаԥҳа: агәыӷра ҳамоуп азҵаара ишахәҭоу иӡбахап ҳәа

Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа хәажәкыра 2 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра иалагеит. Жәабран 6 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект азы, аха иара амчра аиура аҿҳәара инахоуп "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан рыдыркылаанӡа. Ишазыԥхьагәаҭоу ала азакәан амчра аиураны иҟоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы. Адепатутцәа ражәақәа рыла, "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәангьы ԥхынҷкәын 31-нӡа ирыдыркылоит.

Акциа алахәылацәа ари иақәшаҳаҭым, адҵагьы ҟарҵоит хәажәкыра 22, алхрақәа рымш аҟынӡа азакәан амчра аиурц. Дара убасгьы аҿагылара арҭоит ачынуаа зықәра наӡахьоу рыхшара рмазара ашәҟәҭагалара аҭахны иахьыҟамлаз.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0