Валери Бганбеи Аслан Бжьаниеи аиԥылара рыман

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Валерия Бганба с Асланом Бжания
Встреча Валерия Бганба с Асланом Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аԥсны АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%), анаҩс дцоит Адгәыр Арӡынба (35,42%), уи ишьҭахь Леонид Ӡаԥшьба (2,22%).

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аԥыжәара згаз ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа диԥылеит.

"Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит. Ажәлар шәыгәра ргеит. Анцәа иҳәааит шәымч-шәылша аҳәынҭқарра аргылара иазхо. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа!", - иҳәеит Валери Бганба.

Аслан Бжьаниа ари ҭабуп ҳәа ахҳәаауа иазгәеиҭеит алхратә процесс азин шьаҭа аманы ҭышәынтәалара дула ишымҩаԥысыз.

Милиция - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: алхрақәа рышьҭахьтә аамҭаз зинеилагарак аҭыԥ амамызт

"Ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп шәара шәеиԥш егьырҭгьы – алхрақәа реиҿкаара знапы алакыз. Аџьабаа ду адбалан алхрақәа шымҩаԥысыз еиԥш амҩаԥысра рылшартә аҟаҵараҿы", - ҳәа иҳәеит иара.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аганқәа зегьы алхрақәа рылкаақәа гәынхарада ишрыдыркылаз.

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны имҩаԥысыз ахада иалхрақәа абыжьбатәиқәоуп. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа – аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" аԥыза Леонид Ӡаԥшьба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу атәылауаҩ, зхы иақәиҭны зхатәы бызшәа зҳәо, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам. Аӡәы ҩынтә иреиҳаны еиқәырццакны атәыла ахадас аҟалара азин имам. Аԥсны ахада дицалырхуеит уи ихаҭыԥуаҩгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0