Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Делԥҳа акарантин азы: аҵаҩцәа гәхьааугоит, унапы рыкәыршаны иухьчар уҭахуп

© Foto / предоставлено Нонной ДелбаНонна Делба
Нонна Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ адиректор Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит акарантин ахьынӡацо ашколхәыҷқәа аҩны рыҟазаараан аҵара шырзеиҿкаау атәы.
Делԥҳа акарантин азы: аҵаҩцәа гәхьааугоит, унапы рыкәыршаны иухьчар уҭахуп

"Аҵаҩцәа ашкол ахь рныҟәара анаанкылаха, арҵаҩцәа даҽа мчыбжьык ҳныҟәон. Еилаҳкаауан адунеи аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны мчыбжьык еиҳаны аҩны итәар шакәхоз. Арҵаҩцәа ртехникатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны ирыӡбеит аҵаҩцәеи дареи реимадара аус. Англыз бызшәа арҵаҩы онлаин аурокқәа мҩаԥылгоит мчыбжьык ахь хынтә, аамҭак азы еиццәырҵуеит аҵаҩцәеи лареи аинтернет ахархәарала. Имҩаԥыргоит аурокқәа, аҵаҩцәа рыдҵақәа ҟарҵоит. Убасгьы егьырҭ арҵаҩцәа еиуеиԥшым арҵаратә порталқәа рҟны рыҽҭагаланы, рҵаҩцәа уахь иадԥхьаланы аус руеит, аимадара рымоуп. Иҟоуп арҵаҩцәа WhatsApp ахархәарала агәыԥқәа еиҿкааны ахәыҷқәа адҵақәа рызҭо, урҭ ирылабжьоит адәахьы идәылымҵларц.

Хымԥада, абжьааԥны аҵаҩцәеи арҵаҩи рыбжьара иҟоу аимадара, ацәаныррақәа араҟа иубаӡом, аха уажәы иаҳагьы аҭакԥхықәра уднаҵоит, унапы рыкәыршаны еидыҳәҳәаланы иухьчарц уҭаххоит, угәаҵа кылзҵәо хьаак узцәырҵуеит, игәхьааугоит даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа. Дара ахәыҷқәагьы ирҳәоит шәыгәхьаагоит ҳәа", - лҳәеит Делԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0