Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба акарантинтә ҭыԥ аҿы иҟоу галаа рзы: иԥшуп ҩымчыбжь анбанҵәои ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОмар Бганба
Омар Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Омар Бганба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит хҩык галаа акарантинтә ҭыԥ аҿы раамҭа шырхырго атәы.

 

Бганба акарантинтә ҭыԥ аҿы иҟоу галаа рзы: иԥшуп ҩымчыбжь анбанҵәои ҳәа

"Араион аҿы иҳамамызт асасааирҭа, уи аҟнытә Акультура ахан аҿы иҟаҳҵеит аҽыԥхьакырҭа. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ҳлазҵааит, уи азы азин ҳалҭеит. Акаруаҭқәа ҩнаргыланы хҩык рҭыԥ ҟаҳҵеит, макьаназы иҳамоу хҩык роуп. Аҩнуҵҟа иҩнагылоуп акварц, аинтернет рымоуп, ргәы иаҭаху афатә рҭаацаа иҟаҵаны ирзааргоит. Ахан аҿы ианааилак, аҳақьым иҭаны, рыфатә хаигалоит. Аҳақьымгьы ишахәҭоу деибыҭоуп. Иара ианаамҭоу ауаа ршоура гәеиҭоит. Аҽыԥхьакырҭахь аӡәгьы дзыҩналӡом, ахыбра акәша-мыкәшагьы ахәшәқәа рыла иаҳрыцқьеит. Ҩымчыбжь аҳақьымцәа рхылаԥшлоит, анаҩс ачымазара рцәа ишалам агәра анаҳгалак, аҩныҟа иаушьҭхоит. Ауаа араион анадаркы актәи амш азы иргәамԥхеит, аха уажәы ақалақь аҩнуҵҟагьы ауаа маҷуп, анкьа ишныҟәоз еиԥш иҟаӡам, адәқьан аҿынӡа инеиуеит ауп акәымзар. Акарантин аҿы итәоу ауаагьы ачымазара ҳамам, иаҭахым ҳәа рҳәеит азныказ, аха аҳақьымцәа ианреилдыркаа аԥкра шхымԥадатәиу, аҭак ҟарымҵеит. Иԥшуп ирзыԥҵәоу аамҭа анбанҵәо ҳәа", - азгәеиҭеит Бганба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0