Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариа: ачымзара шаҟа уазхәыцуа аҟара уафоит, убри аҟнытә махәҿалагьы ак ҟаҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Зантария
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы иҟоу аԥкрақәа раан аҩны инапы злаку аус, иаамҭа шыихиго атәы.
Занҭариа: ачымзара шаҟа уазхәыцуа аҟара уафоит, убри аҟнытә махәҿалагьы ак ҟаҵатәуп

"Ауаҩы иахьа аҩны утәа ҳәа аниарҳәа уи иаанагом ус баша утәа ҳәа. Ак ҟауҵароуп. Иахьа дгьыл ҿаҵак змам уаҩ дыҟаӡам, аамҭа ааит, ак лаҵатәуп, ҵыбрак, раҳанак, џьымшьык зҳәаз еиԥш. Аԥсуаа еснагь ианаамҭаз ацәаӷәара рҽазыҟарҵон, заа иларҵон. Абас аус утәуп ҳахьыҟазаалакгьы. Ақалақь аҿы ауаҩы ауадаҿы дыҟазаргьы уи иҟаиҵаша маҷхума? Сан иаҳларҵаз ауп сызҿу. Ақыҭаҿы даныҟазгьы, ҳаныхәыҷқәаз аҭаҭын ахь ҳалгон, уныҟәызгодаз ухы уамыцхраар? Ҳшыхәыҷыз аџьа агьама ҳлыркит. Убас ҳаҿуп иахьагьы. Шәырк ҭаагоит. Уҭраҭыхк ҟаҳҵоит. Аӡахәа ианаамҭаз еилысхит, иахьысбаҳаз жәлақәак каҳаԥсеит. Иҵаҳәҳәа иаауеит. Аԥсны аҟара аҳауа ахьыбзиоу ҭыԥ ыҟаӡам, инкауршәыз арыц хәыҷы иаразнак игылоит. Ус зегьы иҟаҳҵароуп, ауаҩы игәабзиаразгьы ихәарҭоуп, ачымазарагьы уазнархәыцӡом. Уи шаҟа уазхәыцуа аҟара уафоит, убри аҟнытә махәҿалагьы ак ҟаҵатәуп. Сара арҿиарагьы снапы алакуп, уажәы апрозагьы саҿуп, ажәабжьқәа ҩба зҩит, аповест аҩра саҿуп. Аҳәатәы аҟаҵатәы рацәоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Занҭариа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0