Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа адәқьан аҟны иҟоу аԥкрақәа ртәы еиҭалҳәеит

© Foto / предоставлено Камилой Ашуба Камила Ашуба
Камила Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи афатәҭирҭа дәқьанқәа руак аҟны аус зуа Камила Ашәԥҳа еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы аиҳабыра ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны акрыҭира шымҩаԥырго.
Ашәԥҳа адәқьан аҟны иҟоу аԥкрақәа ртәы еиҭалҳәеит

"Ишақәнагоу, ишҳарҳәаз еиԥш аус ҳуеит, акассатә маруга ашә аҟны иҳаргылеит, ауаа иааиуа анҳадҵаалак, ирҭаху раҳтоит, адәқьан ахь иҩналаӡом. Еиҳарак ауаа ззыҳәо еиуеиԥшым ахрыӷ хкқәа, ашыла уҳәа роуп. Аҭааҩцәа уажәы иаҳа имаҷуп аԥхьатәи амшқәа раасҭа, адәылҵра иацәшәоит ҳәа сгәы иаанагоит. Атауарқәа рыхә иацымлаӡеит, иахьынтәиааҳго ашьҭаҵарҭақәа рҟынгьы ахәқәа рҽырымԥсахӡеит", - лҳәеит Ашәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0