Аҽыԥхьакра – уалԥшьоуп: Валери Бганба аԥсныжәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Абхазии
Ситуация в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа раԥхьаӡа акәны ишьақәыргылан мшаԥы 7 рзы. Иҟоу ашәарҭара инамаданы ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба аԥсныжәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба акоронавирустә инфекциа змоу ауаҩԥсы атәылаҿы иҟазаара инадҳәаланы, ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Валери Бганба иазгәеиҭеит атәыла анапхгара, аиҳабыра, амедицинатә усзуцәа, аҳәаахьчаҩцәа, амилициа аусзуҩцәа, аволонтиорцәа уҳәа русура ишалнаршаз иахьанӡа Аԥсны акоронавирус аламырҵәара, иаакәыршаны уи аҳра шауазгьы.

"Иахьа аепидемиа иаҿагыланы ақәԥараҿы аетап ҿыц аҿы ҳнеины ҳаҟоуп. Ари еиҳа ихьанҭоу етапуп. Зегь иҳалшо ҟаҳҵароуп атәыла зегь амҽханамкырц. Аиҳабыра ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа, абизнесуаа иҟарҵо ацхыраара рыла ҳтәылауаа рыхәышәтәразы иахәҭоу зегь ҟаҳҵоит. Иҟаҳҵо маҷым, аха еиҳа зымчу шәара шәоуп", - иҳәоит ааԥхьараҿы.

ВАЛЕРИЙ БГАНБА ВСТРЕТИЛСЯ С ГЛАВАМИ РАЙОННЫХ АДМИНИСТРАЦИЙ - Sputnik Аҧсны
Бганба акоронавирус аҿагыларазы амчқәа зегь реизыркәкәара аҭахуп иҳәеит

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аепидемиа аламырҵәаразы атәыла ауааԥсыра аҭакԥхықәра ишаҵагылоу.

"Шәхы, шәҭаацәарақәа, шәҩызцәа шәыхьчар, шәыҩнқәа рҿы шәынхар, хымԥада ацхыраара ду ҳашәҭоит. Адисциплина ақәымныҟәара арыцҳара ду ахь ҳкылнагар алшоит. Уи адагьы ҳқыҭақәа ҳхаҳмыршҭып, изылшо ҳгьежьып. Ақыҭа есымша ҳаиқәнархон, есымша акраҳҿанаҵон. Аҳәара ҟасҵоит, шәхы шәыхьча. Ҳхы ҳахьчар, Анцәагьы ҳихьчоит", - иҳәоит  Бганба.

Иара убасгьы ааигәа зыҩныҟақәа рахь ихынҳәыз рахь аҳәара ҟаиҵоит:

"Шәара ишәуалу – аҽыԥхьакроуп. Атәыла шәара шәҿаԥхьа ауал нанагӡеит. Уажәшьҭа шәара шәоуп аус злоу. Ус анакәымха, ишәзааигәоуи шәареи арыцҳара шәақәшәар ауеит", - иҳәеит Валери Бганба.

Акоронавирус алаҵәаразы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы Аԥсны хәажәкыра 28 раахыс иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда, уи инақәыршәаны аусура иаҟәыҵит аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ауаажәларратә транспорт.

Акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0