Гал араион ауааԥсыра хҩык рҽыԥхьакра аамҭа анынҵәа аамышьҭахь иоурышьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукГород Гал
Город Гал  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҿы хәажәкыра 31 раахыс акоменданттә сааҭ алагалоуп. Асааҭ 20:00 - 07:00 рзы ауааԥсыра амҩадуқәа, ма ауаа реизарҭа ҭыԥқәа рҿы рнеира азин ыҟам.

АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Хҩык Гал араион ауааԥсыра аҽыԥхьакратә аамҭа анынҵәа ашьҭахь иоурышьҭит. Дара рхы ԥхьаркуан хәажәкыра 31 раахыс ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба.

"Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо иусдҵа инақәыршәаны аҽыԥхьакратә ҭыԥқәа рхианы иҟан. Москвантәи хәажәкыра 31 рзы ихынҳәыз хҩык галаа уахь инаган. Есыҽны урҭ амедицинатә гәаҭара иахысуан. Уажәы, аамҭа анынҵәа ашьҭахь рыҩныҟақәа рахь иоужьуп", - иҳәеит иара.

Дара иарбанызаалак акгьы рыдбалам.

Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирҳәеит ауаа ахараԥса рыршәара ианалаго

"Иацы арахь дааган Калугантәи иааз ауаҩԥсы. Иара иажәақәа рыла, Калуга 18 мшы дыҟан. Ихатәы машьынала дааит. Ари ахаҵагьы 14 мшы ара даанкылахоит", - иҳәеит Ҭыжәба.

Хәажәкыра 30 рзы Москвантәи иааз Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы адыркит.

Ақалақь аҩнуҵҟа ауаа рынеиааира амилициа ахылаԥшуеит. Араион ауааԥсырагьы иҟалаз ашьҭахь рхы ԥхьаркуеит.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалоуи иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0