Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿы аӡиа акәша-мыкәша аҳаскьын ҩа амца акит

© Sputnik / Анна Огородник / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛесные пожары
Лесные пожары  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ иацәыхарамкәа ахатәы ҩнқәа гылан. Амца дырцәон Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амцарцәаҩцәа.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Алашарбагатәи аӡиа акәша-мыкәша аҳаскьын ҩа амца акит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

"Аҭыԥ аҿы аус руан х-расчиотк. Амца арцәара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа иаҿын. Амца ахьакыз анеира уадаҩын, аӡбаара ыҟан акәша-мыкәша", - иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амцарцәаратә машьынақәа аҭыԥ ахь инеит асааҭ 11:46 рзы. Ааигәа ауаа реиланхарҭа ыҟоуп, уахь амца неирц ашәарҭара ыҟан, аха амца аанкылара ҳалшеит иҳәеит Кәыҵниа.

Амцакра мзызс иамоу ашьақәыргылара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0