АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Акоронавирус змоу ахԥатәи апациент лгәабзиара хьысҳахеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Лгәырахәымра акыр аҽшарӷәӷәазгьы, 95 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс бырг ахәышәтәырҭа аҭалара мап шацәылкыц иацәылкуеит, аҩны дахьыҟоу амедицинатә хәышәтәра дахысуеит.
Аштаб адыррақәа рыла, раԥхьатәи апациент Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы дышьҭоуп, игәабзиара ашьақәгылара иаҿуп, иааиуа амшқәа рзы дылрыҩаауеит. Аҩбатәи апациентгьы иубаратәы абзиахара даҿуп.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысит жәҩык ауааԥсыра, ачымазара аӡәгьы идбаламызт.
Аԥсны акоронавирус ахьра раԥхьатәи ахҭыс шьақәыргылан мшаԥы 7 рзы Москвантә иааз Гагра ақалақьуаҩ иҟны. Мшаԥы 8 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дааргеит аҿкы зцәа иалаз уи иԥҳәысгьы.
Мшаԥы 11 рзы еилкаахеит акоронавирустә ҿкы шлыдбалоу дара ргәылара инхо 95 шықәса ирҭагылоу аԥҳәыс бырг.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>