Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа

© SputnikЦеремония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания
Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.
Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь акадртә зҵаарақәа рыӡбашьа, уаанӡа уи ацеремониа шымҩаԥысуаз, акоронавирустә инфекциа апандемиа аԥсҭазаара иаланагалаз ариашарақәа Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара, азакәан инақәыршәаны, имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа амш инаркны 30 мшы рышьҭахь.

Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Ажәлар аиҳабыра рыгәра рго аҟаҵара: Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵараан дықәгылеит

Иахьа, мшаԥы 23 рзы, Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иара инапаҿы ииркит ахада имчра адырга ҷыдақәа – абираҟ, амҳәыр, аштандарт, алабашьеи аҳәеи.

Уаанӡа атәыла ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа ҭоуба иуан. Аха 2014 шықәса рзы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа, уи аахыс ахада иҭоубоура мҩаԥысуеит Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа.

Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа сасцәақәак рыҳасаб ала иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Қәпалба.

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

Аминистрцәа реилазаара арҿыцра

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь хымз рыҩнуҵҟа ахада аԥыза-министр ҿыц ихьӡ иҳәароуп. Абри ашьҭахь аԥыза-министр ахада идигалоит Аминистрцәа реилазаара ҿыц.

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәба: аҳәынҭқарра ахада ишьаҿақәа рҟны ажәлар дреиҷаҳароуп

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны имҩаԥысыз ахада иалхрақәа абыжьбатәиқәоуп. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа – аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" аԥыза Леонид Ӡаԥшьба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу атәылауаҩ, зхы иақәиҭны зхатәы бызшәа зҳәо, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам. Аӡәы ҩынтә иреиҳаны еиқәырццакны атәыла ахадас аҟалара азин имам. Аԥсны ахада дицалырхуеит уи ихаҭыԥуаҩгьы.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0