Аконцлагер аҿтәи атҟәа дазыхиоуп афиннцәа рыцәгьоурақәа шаҳаҭра азылурц

© Foto / Национальный архив КарелииДети в финском концлагере в Петрозаводске. Архивное фото
Дети в финском концлагере в Петрозаводске. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ҿҳәарада" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарԥшын асовет ҭынчуаа рганахьала афинн-фашистцәа рыцәгьоурақәа. Ашәахьаҽны Ашьаусҭҵааратә еилакы аҟны аусҭҵаара хацыркын.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Карелиа-Финтәи ССР аҵакыраҿ иҟаз аконцлагер аҿы иҭакыз Ленина Макеева аҳәамҭа ҟалҵеит шаҳаҭҩыс ақәгылара дшазыхиоу афинн-оккупациатә режим имҩаԥнагоз ацәгьоурақәа рзы.

Петрозаводсктәи аконцлагер аҿы Макеева ҩышықәсеи аамзи дыҟан. Зыԥсы еиқәхаз Ар ҟаԥшь рхы иақәиҭыртәит рашәара 28, 1944 шықәса рзы.

Уаанӡа апроект "Ҿҳәарада" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарԥшын асовет ҭынчуаа рганахьала афинн-фашистцәа рыцәгьоурақәа. Ашәахьаҽны Ашьаусҭҵааратә еилакаҟны аусҭҵаара хацыркын.

"Сара шаҳаҭс ақәгылара сазыхиоуп. ФСБ ацәгьоура аматериалқәа уаанӡагьы ихнартыр акәын", - лҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо Макеева. Лара иахьатәи аамҭазы афашисттә концлагерқәа рҟны иҭакыз ахәыҷқәа Карелиатәи реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.

"Сара хаҭала Финлиандиа ахадас иҟаз Тарье Халонен ашәҟәы изысышьҭхьан. Иара аҭак сзааишьҭит: "Асовет Еидгыла аконтрибуциа азаҳшәахьеит", - ҳәа. Сара изыҩуаз агхақәа азгәаҭаны Германиа Асовет жәлар рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭанаҵеит, афашист Германиа иадгылоз афиннцәа ус зыҟарымҵеи", - лҳәоит Макеева.

84 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс дызхысыз лаӷырӡыда илгәалалыршәом. Лара лажәақәа рыла, афинн-концлагерқәа рҿы иҭакыз иахьазы 80-90 шықәса рхыҵуеит, дара урҭгьы маҷӡоуп.

Карельский фронт. Финский концентрационный лагерь в городе Медвежьегорске. Всего на территории оккупированной Карелии действовало более десяти финских концентрационных лагерей. За годы оккупации через них прошло около 30 тысяч человек мирного населения, в основном, русских. - Sputnik Аҧсны
Аконцлагерқәа ирҭакыз афинн-оккупантцәа рыцәгьоурақәа ҭҵаазарц аҳәара ҟарҵоит

"Карелиатәи аконцлагерқәа рҿы 32 000-ҩык ҭакын, 18 000-ҩык ҭахеит", - лҳәоит Макеева.

Карелиа-Финтәи ССР иахьаҵанакуаз 1941-1944 шықәсқәа рзы иаԥҵан жәабала аконцентрациатә лагерқәа. 1942 шықәса мшаԥымза алагамҭазы арҭ алагерқәа рҟны иҭакын 24 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Армаӡара зхыхыз архивқәа рдыррақәа инарықәыршәаны, уа иҭакыз реиҳараҩык славианцәан. 90 процент — аурысқәа, белорусаа, украинаа ракәын.

Аҭоурыхдырыҩцәа рыхәшьарала алагерқәа иааидкыланы 50 000-ҩык инареиҳаны иҭакын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0