Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рзы Аконституциатә закәан инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара рнапынҵақәа шьҭарҵеит ҿыц иалху ахада иҿаԥхьа.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Аиҳабыра уаанӡатәи реилазаара еиҿкаан Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба официалла атәыла иахагылара ашьҭахь.

Азакәан инақәыршәаны Ҳаџьымба хымз рыҩнуҵҟа еиҿикаар акәын Аминистрцәа реилазаара. Аԥсахрақәа маҷын. Аԥыза-министрс дшыҟаз дааныжьын Валери Бганба.

Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Ажәлар аиҳабыра рыгәра рго аҟаҵара: Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵараан дықәгылеит

Имҩаԥган аиҭеиҿкааратә уснагӡатәқәа: Ақыҭанхамҩазы аминистрреи Акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи аилак аҟынӡа иларҟәын; Агәабзиарахьчара аминистрреи Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи аминистрреи еидҵан – Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ҳәа; Абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилаки Аҿартә политикахзы аилаки ракәзаргьы акны еиҿкаан; Аимадареи амассатә коммуникациақәеи, атранспорти, аимадара аҳәынҭқарратә хылаԥшреи рзы аусбарҭақәа иаку еиҿкаараны иҟаҵан; Аргылареи архитектуреи рзы аҳәынҭеилакы архитектуреи, ақалақьргылареи, анхамҩа-коммуналтә маҵзуреи рзы усбарҭан еиҭаркит; Аҳәынҭстатистика аусбарҭа аилак ахь ииаган.

Иара убасгьы Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Акультура аминистрра ҳәа ахьӡ еиҭакын.

Арепатриациа аминистрра Адемографиеи арепатриациеи рминистрра ҳәа ахьыӡҵан. Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра – Аҵара аминистрра ҳәа еиҭакын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0