Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара, аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра

© Sputnik / Томас ТхайцукЦеремония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания
Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа ҭоуба шьҭеиҵеит, Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵоуп Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа деиҳабхеит Алхас Кәыҵниа, акоронавирус инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхуп. Абарҭ зегьы Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Акоронавирус азы

Амчыбжь гәышьҭыхганы иалагеит: ахәышәтәырҭаҟынтәи дҭырҩааит акоронавирус зыдбалаз ауаҩԥсы. Амчыбжь ахыркәшамҭа гәыхьхеит, лыԥсҭазаара далҵит 1925 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭаз, COVID-19 змаз аԥҳәыс.

Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус аҟынтә зҽызхәышәтәыз раԥхьатәи ауаҩы дылрыҩааит

"Аҳақьымцәа ирылшо зегь шыҟарҵазгьы, леиқәырхара залмыршахеит", - лҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра атерапевт хада Анжела Арчелиаԥҳа.

Аԥҳәыс COVID-19 лымоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан мшаԥы 11 рзы, аха лара ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкит. Мшаԥы 20 рзы, лҭагылазаашьа анеицәаха, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаган.

Анжела Арчелиаԥҳа ишылҳәо ала, усҟан лара ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра лыман, уи иацын ашьақәыӷәӷәара ҳаракы, аҷаҷачымазара.

Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Аџьармыкьақәа аусура иалагеит

Мшаԥы 20 рҟынӡа атәыла иалагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аҿҳәара иацҵам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аҳәаақәҵаҩ Рауль Лолуа.

Гагреи Гали араионқәа рҟны акоменданттә сааҭ аԥыхуп

Лолуа иазгәеиҭеит Гагреи Гали араионқәа рҿы акоменданттә сааҭ шаԥыху мшаԥы 21 инаркны.

Иахәҭаны иҟалар, аинфекциа аламырҵәаразы аԥкырақәа ҩаԥхьа иалагалахоит иҳәоит Рауль Лолуа.

Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик - Sputnik Аҧсны
Мчыбжьык ахьтә хымш: Аԥсны аџьармыкьақәа русушьа

"Макьаназы иаркуп ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аҵараиурҭақәа, акрыфарҭақәа. Иаркуп атуристтә обиектқәа, асасааирҭақәа. Аҳәаа иахысуа ракәзар, амедицинатә усзуҩцаа агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит", - иҳәоит иара.

Атәылаҿы акоронавирус змоу иҿыцу аӡәгьы дыҟам иҳәоит Лолуа.

Гал араион аҿы акоменданттә сааҭ алагалан хәажәкыра 31 рзы, Гагра араион аҿы – мшаԥы 8 рзы.

Гагреи Гали араионқәа рҵакырахь алалареи акоменданттә сааҭи раԥыхра алшоит асанитартә маҵзурақәа рақәшаҳаҭхарала мшаԥы 21 инаркны ҳәа азгәеиҭеит иара.

Мшаԥы 20 инаркны аамҭа-аамҭала русура хацдыркит аџьармыкьақәа.

Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара

Ииасыз амчыбжь азы ихадаратәу хҭысны иҟалеит Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара, уи мҩаԥган мшаԥы 23 рзы.

© Видео Акоп Кущян, Адгур АвидзбаАслан Бжьаниа официалла Аԥсны ахадас дҟалеит
Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара, аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа официалла Аԥсны ахадас дҟалеит

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, иалху Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Алхратә комиссиа хада анапхгара, 2020 шықәсазы Аԥсны ахадарахьы алхразы акандидатцәа, аилатәара иалахәын иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Қәпалба.

Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Сааҭбжак аҩнуҵҟа: атәыла ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара шымҩаԥысыз

Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ауаа рацәа адымгалакәа имҩаԥган. Ачымазара ҿкы алаҵәара алмыршаразы. Ацеремониа сааҭбжак имҩаԥысуан.

Уи аԥхьа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Тамаз Ҵахнакьиа ишиҳәаз ала, аинаугурациа алахәылацәа зегьы аҳақьымцәа ршоура ршәон, уи ашьҭахь азин рыман аҭоубашьҭаҵара ахьымҩаԥысуаз аконференц-зал ахь анеира.

"Ҭоуба зуеит сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыԥсҭазаара зегьы Сыԥсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи апеиԥш рыхьчараз схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иԥшьоу абри ахақәкы сацәхьаҵны саныҟала. Иа Анцәа ду, суҳәоит Сыԥсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц!" - иҳәеит Бжьаниа ҭоуба шьҭаҵо.

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Валери Бганба Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра атрибутқәа – абираҟ, амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Ажәлар аиҳабыра рыгәра рго аҟаҵара: Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵараан дықәгылеит

Аԥсны ахәбатәи ахада: Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара

Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа

Аԥсны аиҳабыра рыԥхьатәареи раԥхьатәи аусԥҟақәеи

Уаанӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыразы Аконституциатә закәан инақәыршәаны, атәыла Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа шьҭанаҵеит ҿыц иалху Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа. Уи ашьҭахь Аслан Бжьаниа Александр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дҟаҵоуп ҳәа аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Кабинет министров республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Ареформақәеи аркьаҿрақәеи: Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҽеиҭакшьа

Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр атәыла ахада идигалароуп Аԥсны аиҳабыра реилазаара шышьақәгылоу ала асиа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит апартиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵаразы.

Урыстәылатәи аруаа рыцхыраара

Мшаԥы 22 - 25 рзы Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит. Арахь иаҵанакуеит 55 хыбра, азеиԥшхархәаратә мҩадуқәа.

Асанитартә уснагӡатәқәа ирылаган мшаԥы 22 рзы. Аусурақәа ирылаган Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыцқьан. Зынӡа аус рыдулан 60 нызқь метр ԥшьыркца.

Военнослужащий полка радиационной, химической и биологической (РХБ) защиты Южного военного округа проводит дезинфекцию - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит Аԥсны

Мшаԥы 23 рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥган Гәылрыԥшь араион аџьармыкьеи, ахәышәтәырҭеи, ахадара ахыбреи рҟни Агәыӡера ахадара ахыбра, аџьармыкьа, араионтә хәышәтәырҭа рҟни. Мшаԥы 24 - 25 рзы аусурақәа мҩаԥысуан Очамчыра араион аҿыҩ арзҩыдара иахыган 60 нызқь метр ԥшьыркца.

Ахархәара рыҭан 13 автомашьына, аерозольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У. Аусурақәа ирылаган Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахыбраҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыцқьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0