Урыстәылатәи аруаа Гал аобиектқәа рырзҩыдара мҩаԥыргеит

© Sputnik / Ольга Смольская / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоеннослужащие полка радиационной, химической и биологической (РХБ) защиты Южного военного округа проводят дезинфекцию
Военнослужащие полка радиационной, химической и биологической (РХБ) защиты Южного военного округа проводят дезинфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаргахьан Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы.

АҞӘА, мшаԥы 27 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа Гал 36 аобиект рырзҩыдара мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазаанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла зынӡа 55 нызқь метр ԥшьыркца арзҩыдара иахыжьын. Арахь иаҵанакуеит амҩақәа, араионтә џьармыкьа, Акультура аҩны. Аусурақәа раан ахархәара рыҭан арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара иазку 13 автомашьына.

Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаразы Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы. Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы иаангылеит. Арзҩыдаратә усурақәа рышьҭахь автомашьынақәеи аруааи иҷыдоу арыцқьара иахрыжьуеит.

Уаанӡа арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаргахьан Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы. Ауснагӡатәқәа ирыцҵахоит Аҟәа иахьаҵанакуагьы.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ахәышәтәырҭақәа, ахәаахәҭырҭақәа, административтә обиектқәа рҿы.

Иара убасгьы аконсультациатә бжьагара ҟарҵоит авирус змоу ачымазцәа рыхәышәтәразы.

Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла урыстәылатәи аҟазауаа лаҵарамза алагамҭанӡа аусурақәа мҩаԥыргалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0