Гагратәи аҩнеихагылаҿы ауааԥсыра аҽыԥхьакратә аамҭа шырхыргаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в изолированном доме
Люди в изолированном доме  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра аҩнеихагылақәа руак аҟны инхоз ауааԥсыра рҟынтәи хҩык акоронавирус рыдбаланы ахәышәтәырҭа иҭан. Дара рыҩнаҟны инхоз егьырҭ зегьы аҽыԥхьакратә режим иахыжьын. Арежим аԥырхит мшаԥы 22 рзы. Уи амҩаԥысшьа атәы Sputnik аматериал аҿы.

Мшаԥы 7 рзы Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿ игылоу аҩнеихагыла азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа акәшаны игылеит, уа инхоз руаӡәк акоронавирустә инфекциа имоуп ҳәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭахь даннарга ашьҭахь.

Sputnik

Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿ игылоу аҩнеихагыла аҟны инхо Емма Цкуаԥҳа илҳәоит ҩымчыбжь асеиԥш арежим ақәныҟәара шыуадаҩыз, аиҳаракгьы зықәра ыҟоу ауаа рзы.

Сотрудники ДПС - Sputnik Аҧсны
Гагреи Гали араионқәа рҟны акоменданттә сааҭ аԥыхуп

"Аҩнаҿы инхоит аҿар, ахәыҷқәа, аха аиҳарак зықәра нхыҳәҳәахьо рацәаҩуп. Урҭ амшынԥшаҳәахь анеиааира иашьцылахьеит, аҩны аҽыҩнакра рцәыуадаҩын. Ахәыҷқәа рзынгьы, ҳәарада, уи уадаҩын. Иҟарҵаша, рнапы зларкша рыздырамызт", - еиҭалҳәоит лара.

Уажәы адәахьы адәылҵразы аԥкырақәа аԥыхуп, аха макьанагьы ауаа аҽеидкылара, аизара рҭахым.

Афатәи амедицинатә хархәагақәеи ракәзар, зымхарак ҳамбеит, араион ахадара, абизнесуаа, аволонтиорцәа уҳәа иҳазнаргон.

"Сара ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иҳавагылаз, иҳацхрааз зегьы", - лҳәоит Емма.

Ари аҩнаҿы инхо егьи аԥҳәыс, Анжела Халаиджиан-Агрба лхәыҷқәа лыманы лан лахь ақыҭахь дцеит.

"Ҳара ҳуадақәа абарҵа рымаӡам. Ахәыҷқәа рхы ахьыргарыз рыздырамызт. Ахәмаргақәаҵәҟьа ирзеиқәыртәомызт. Арежим ахыхра мышк шыбжьаз ақыҭахь исыманы сцеит. Уа аџьықәреи, акартош лаҳҵон. Ҳара чымазара ҳамам. Ҳацқьоуп", - лҳәоит лара.

Изхысыз аамҭақәа рышьҭахь лара уахь ахынҳәрагьы рацәак лгәы аҳәом.

"Ахынҳәра сҭахым. Ахәыҷқәа рызхара иҩит. Игәырӷьаҵәа иҟоуп. Џьанаҭ иҟоушәа рхы рбоит избанзар уаанӡа абахҭа иҭакын", - лҳәоит Анжела.

Ахылаԥшра аҭахуп

Гагратәи аҩны иадҟаҵалаз арежим шахыргазгьы ахылаԥшра шазуц иазухалоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Ҳәарада, мчыбжьык ахь знык акәзаргьы уа инхо ауаа ргәабзиара иашьклаԥшлатәуп, амедицинатә усзуҩ днеилар ауп. Ҳаззыԥшым ҭагылазаашьак ҟамларц азы усеиԥш ҟаҵалатәуп", - лҳәеит лара.

Врач подписывает пробирку с образцом биоматериала - Sputnik Аҧсны
Аԥсны раԥхьа акоронавирус зыхьыз апациент ахәышәтәырҭа дҭырҩааит

Мшаԥы 7 рзы Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿ игылоу аҩнеихагыла азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа акәшаны игылеит уа инхоз руаӡәк коронавирустә инфекциа имоуп ҳәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭахь даннарга ашьҭахь.

Аамҭақәак рышьҭахь ахәышәтәырҭа дҭашәеит COVID-19 лымоуп ҳәа аԥҳәы. Мшаԥы 11 рзы иара убри аҩнаҟынтәи 95-шықәса зхыҵуаз аԥҳәысгьы аҿкы лыдырбалеит.

Иахьазы коронавирус змоу ҩыџьа ауаа ргәабзиара шьақәгылоуп. Ахԥатәи аԥҳәыс леиқққәырхара залымшеит. 1925 шықәса рзы иԥсыз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 26 рзы COVID-19 илызцәырнагаз егьырҭ лчымазарақәа ирхырҟьаны.

"Аҳақьымцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит аха лышықәсгьы акыр инеихьан, лчымазара дзазымиааиит", - ҳәа лҳәоит Агәабзиарахьчара министрра атерапевт хада Анжела Арчелиаԥҳа.

Лара ишылҳәаз ала 95-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи егьырҭ ачымазарақәеи еиланы илыман ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0