Аԥсуа телехәаԥшра адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтар Лакрба
Отар Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роланд Бганба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын мшаԥы 23 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Оҭар Лакрба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада инапынҵақәа наигӡоны ихьӡ ҳәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы.

Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы аус иуан Роланд Бганба, 2017 шықәса ԥхынгәымза аахыс.

Роланд Бганба  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телехәаԥшра аиҳабы Роланд Бганба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Оҭар Лакрба – Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла.

Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысит. Уи ашьҭахь аусура далагеит Аԥсуа радио аҿы дикторси корреспондентси.

1987 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аредактор еиҳабы.

1992 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа рредактор, аинформациатә ҟәша аиҳабы.

2000 ш. – аредактор хада.

2005 ш. – атематикатә программақәа рредактор хада.

2012-2014 шш. – Аԥсуа телехәаԥшра анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ.

Оҭар Лакрба ателепрограммақәа "Амчыбжь", "Ауаҩи адунеии", "Азакәан амчра", "Амшхәаԥштә азҵаара" дравторуп, Ауаажәларратә палата далахәылан.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0