Авирус хәаҽтәуп: урыстәылатәи аруаа Аԥсны арзҩыдара шымҩаԥырго

Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаразы Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы. Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы иаангылеит.

Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, урыстәылатәи аҟазауаа лаҵарамза алагамҭанӡа аусурақәа мҩаԥыргалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0