Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷҟониа: Кындыӷ инхар зҭаху рацәаҩуп, аусурҭа ыҟоуп

© Foto / предоставлено Зориком ЧкониаЗорик Чкониа
Зорик Чкониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷҟониа Кындыӷ абзазашьа иазкны

"Кындыӷ аус зуа анаплакқәа жәабаҟа ыҟоуп, ауҭраҭыхааӡарҭақәа, иҟоуп анаплакқәа рыбжьара зусура аамҭала иаанкыланы иҟоугьы, иҳамоуп аԥсшьаҩцәа здызкыло асасааирҭа маҷқәа, аԥсшьарҭа ҭыԥ. Ахатә бизнес аганахьалагьы ақыҭаҟны аус ыҟоуп, 200-ҩык инарыцны аԥсшьаҩцәа рыдыркылоит ауаа рыҩнқәа рҟны. Ауҭраҭыхааӡарҭақәа сынтәа ҩба аус руоит ицәгьамкәа, аԥсыӡааӡарҭа нап адкыланы ирымоуп. Макьаназы аусқәа ишахәҭоу ицом, иҟоуп ацех аԥсыӡ рыфатә аганахьала, ауадаҩрақәа ирыхҟьаны макьана иаанкыланы иҟоуп уи аусура. Аибашьра ашьҭахь ақыҭа зегьы былны ишьҭан, аминақәа ирыхҟьаны ааҩык ҳацәҭахеит ақыҭаҟны. 40 ҭӡы рыла ҳалагеит маҷ-маҷ анхара, ашкол ааҳартит. Иахьазы Кындыӷ инхар зҭаху рацәаҩуп, аӡырԥхақәа аус руеит, аԥсҭазаара цоит, аԥсшьаҩцәа амшын ахь ма аӡырԥхақәа рахь инеиуеит. Акурорт аганахьала аус зуа Кындыӷҟа еихо иалагеит. Ааигәа Аҟәатәи аҩызауад адгьыл аҳҭеит ара, изхысҳәаауа, аусурҭа ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷҟониа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0