АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иазгәаҭоуп 10 102 коронавирус хҭыс ҿыц, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы аоперативтә штаб. Ичмазаҩхаз рахьтә 49,1% рчымазара симптомада имҩасуеит.
Уахыки-ҽнаки рыла 95-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Убри аан ргәабзиара шьақәгылан, ахәышәтәырҭақәа ирҭырҩааит 1770 пациент. Зегь реиҳа ачымазаҩцәа уаанӡеиԥш ирацәоуп Москва. Аҳҭнықалақь аҿы 5714 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп.
Зынӡа иахьазы Урыстәыла акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп 155 370-ҩык ауааԥсыра атәыла арегионқәа 85 рҟны. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1451-ҩык, ргәабзиара ҭышәынтәалахьеит 19 865-ҩык.
Аԥсны иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла х-хҭыск аҭыԥ рыман. Ҩыџьа ачымазцәа ахәышәтәырҭа иҭырҩаахьеит, ахԥатәи ачымазаҩ, аԥҳәыс бырг, лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы Аԥсны жәаҩык гәарҭеит
-
Аԥсныҟа иаауа акурсантцәа акарантин рхыргарц азы асасааирҭаҿы индырхоит