Лаԥхьа иԥхашьаны имцәажәоз ахацәагьы ыҟан: артиллеристка Ефросиниа Папԥҳа лҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЕфросиния Папба
Ефросиния Папба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аӷа аҿагылара изҭоз, уимоу ахацәа гәымшәарыла ираԥызгоз зықьҩыла аҭыԥҳацәа рыхьӡ адыруеит аҭоурых. Иахьа зыӡбахә сымоу аԥсуа ԥҳәызба Ефросиниа Папԥҳа урҭ рыгәҭа дыҟоуп сҳәарцгьы сылшоит. Лара лнапала иҭалырхеит иакымкәа анемец ҳаирпланқәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Расҭа Папбеи Таташь Цымцԥҳаи рҭаацәара ду аҿы фҩык ахшара ирызҳауан. Ажәҩан иаҵәа зхалашоз аԥсуа хәышҭаара, зныҭрыс алаҳәа еиқәаҵәа ахаԥоит, "испанка" ҳәа изышьҭаз усҟантәи аамҭазы адунеи иалаҵәаз ачымазара бааԥсы ихнаҵәоит ԥшьҩык ахәыҷқәа. 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара идҵаны ддырӡуеит аҭаацәара раб Расҭа. Ан рыцҳа ҩыџьа аԥҳацәеи лареи еизынхоит. Цымцаа раҳәшьа дрыцҳашьаны, илзынхаз ахшара лыдкыланы лабраа рахь дыргоит, аха дышқәыԥшӡаз лыԥсҭазаара ҿахҵәоит Таташь лыԥҳаиҳабгьы Ҷыҷка. Гәыӷырҭас ани, иара Папаа рхәышҭаареи дазынхоит аиҵбаӡа Ефросиниа.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЕфросиниа Папԥҳа Аибашьра Ду ашықәсқәа раан
Лаԥхьа иԥхашьаны имцәажәоз ахацәагьы ыҟан: артиллеристка Ефросиниа Папԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ефросиниа Папԥҳа Аибашьра Ду ашықәсқәа раан

Ефросиниа Папԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа ҳасабеилыргаҩыс аус луан Бармышь ақыҭсовет аҟны. Далан акомҿареидгыла. 1942 шықәсазы, ан лыԥҳазаҵә шлакәызгьы, аԥҳәызба арра илыԥхьоит. Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟнытә 25-ҩык аҭыԥҳацәа Баҭымҟа ирышьҭуеит, аҳаиртә артиллериатә полк ахь. Азнык азы дара рырратә уалԥшьақәа нарыгӡоит аԥшьбатәи абатареиаҿы, анаҩс ииаргоит афбатәи ахь.

"Ҳан арра дыргаанӡа лыхцәы шьқьаруа лмаҟҿаҳәара иаҩсуан, аха асолдаҭ ишихәҭоу еиԥш иҵырффатәуп ҳәа анларҳәа ауп еиҳа игәнылгаз, аибашьра дахьцоз аасҭа. Лани лареи реиԥырҵра атәы уҳәозар, уи хымԥада игәыҭшьаагахеит. Шәара шәазхәыц, хәҩык ахшара зыцәԥсхьаз аԥҳәыс, аригьы иллахьынҵахоз еилкаамкәа данынаскьалгоз илымаз ацәаныррақәа ртәы", - лҳәоит Ефросиниа лыԥҳа Галина Ажьиԥҳа.

Таташь Цымцԥҳа лыԥҳа дахьеибашьуаз Баҭымҟа дцахьан, лыблала илбахьан "лсолдаҭ" уаҟа илыԥсҭазаашьоу.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЕфросиниа Папԥҳа иланаршьахьан "Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа" I, II аҩаӡарақәа
Лаԥхьа иԥхашьаны имцәажәоз ахацәагьы ыҟан: артиллеристка Ефросиниа Папԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ефросиниа Папԥҳа иланаршьахьан "Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа" I, II аҩаӡарақәа

Ефросиниа дызҿатәаз аибашьыгатә абџьар хьанҭала иакымкәа аӷа иҳаирпланқәа ҭалырхахьан. Данԥшыхәуаз, Аҟәа иазааигәаны илбоз дреихсуан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгаанӡа, аԥҳәызба Баҭым аҳаиртә артиллериатә полк, афбатәи абатареиаҿы дыҟан. Устәи аибашьыгатә медалқәеи, аорденқәеи дрыԥсаны лыҩныҟа дхынҳәит. Иланашьоуп "Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа" I, II аҩаӡарақәа.

Ефросиниа Папԥҳа Бармышь, иара Аԥсны ахи-аҵыхәи дыззымдыруадаз. Аибашьра аветеран лаҳасабала, насгьы дыԥҳәызба қәыԥшны еибашьра дцаны, аибашьыгатә абџьар хьанҭа даҿатәан ҳәа лаԥхьа иԥхашьаны имцәажәоз ахацәагьы ыҟан.

Ефросиниа аибашьра ашьҭахь дылразҟхоит қыҭак илыцалҵыз, лан ишылҳәо ала, уахык илыцииз Лудиа Ажьиба. Дара ирхылҵуеит быжьҩык ахшара, ԥшьҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЕфросиниа Папԥҳаи Лудиа Жьибеи рынасыԥ еиларҵеит аибашьра ашьҭахь, ирыхшеит быжьҩык ахшара
Лаԥхьа иԥхашьаны имцәажәоз ахацәагьы ыҟан: артиллеристка Ефросиниа Папԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ефросиниа Папԥҳаи Лудиа Жьибеи рынасыԥ еиларҵеит аибашьра ашьҭахь, ирыхшеит быжьҩык ахшара

"Ҳабгьы, 1942 шықәсазы арра иԥхьоит, дыршьҭуеит Бақәа. Аха шықәсыбжак ааҵуаны ачымазара хьанҭа иахырҟьаны аҩныҟа ддыргьежьуеит, аусура далагоит Бармышь ақыҭсовет ахантәаҩыс", - еиҭалҳоит рыԥҳа Галина.

Таташь Цымцԥҳа лыԥҳазаҵә аибашьра данца ӷәӷәала дахычмазаҩхеит. Аԥҳәыс рыцҳа лымчқәа еизыркәкәо Ефросиниа лаара дазыԥшын. Бзиарак лымбакәа ари адунеи нлыжьыр зынӡа игәнаҳарын, аха ҳазшаз Таташь лгәыӷырҭа - лыԥҳа лынасыԥ лирбеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира иазку анҵамҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0