Аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуа аидара машьынақәа агәаҭара иахрыжьит

© Foto / скриншот из видео МВД РАМВД РА усиливает меры по борьбе с незаконным оборотом наркотиков
МВД РА усиливает меры по борьбе с незаконным оборотом наркотиков  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәааҿы ас еиԥш иҟоу агәаҭарақәа асистематә ҟазшьа рыҭаны уажәи-уажәи имҩаԥгалахоит.

АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәантәым рылахәаахәҭра аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи ҳареи ҳҳәаа аҟны аидара машьынақәа ргәаҭара мҩаԥыргеит ҷыдала иазыҟаҵоу алақәа адгаланы. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Сотрудник милиции  - Sputnik Аҧсны
Имашьына аметадон ҭан: Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ даанкылоуп

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп ас еиԥш иҟоу агәаҭарақәа асистематә ҟазшьа рыҭаны уажәи-уажәи ишымҩаԥгалахо.

"Азинхьчаратә усбарҭақәа русураан еиуеиԥшым иҷыдоу атехникатә маҭәахәқәа ахархәара шрырҭогьы, амаҵуратә лақәа акала иузымԥсахуа цхырааҩцәоуп", – ҳәа азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Мшаԥы 30 рзы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыцс дҟаҵан Дмитри Дбар, иара анаркотикатә маҭәашьарқәа рылахәаахәҭра аҿагылара – иусураҿы ихадароу хырхарҭаны иаликааит.

Лаҵара 5 рзы аминистр идҵала, Аԥсны ААР аамҭалатәи аҭакырҭаҿы агәаҭара мҩаԥган, уи иалҵшәаны абаандаҩцәа рҟны иԥшаан, иагьрымхын ирымазар иҟамло амаҭәарқәа: алаҵа-ԥҟагатә маҭәарқәа, амобилтә ҭелқәа, ахәшәқәа.

Лаҵара 10 рзы Аԥсны ААР ахатәы шәарҭадара аҟәша аусзуҩцәеи атәыла ашьаусҭҵаара аусбарҭеи еилахәны дааныркылеит амилициа алеитенант, змашьынаҿы аметадон ԥшааз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0