АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада аусзуҩцәеи араионтә ҟәша аиҳабацәеи, ақалақьтә ҟәшақәа реиҳабацәеи алархәны имҩаԥгаз аилатәараҿы аминистрра аусзуҩцәа идирдырит ихаҭыԥуаа хҩыки, атәылауҩшәҟәқәа рыҭара аиҳаби, Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳаби.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны ишаҳәо ала, абарҭ аиҭакрақәа мҩаԥгоуп:
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, акриминалтә милициа аиҳабыс дҟаҵоуп амилициа аполковник Руслан Ажьиба,
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс, ауаажәларратә шәарҭадараз амилициа реиҳабыс, амилициа аполковник Беслан Чкадуа,
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны ААР аҟәша ҷыда акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡо – амилициа амаиор Рашь Ҵәыџьба.
Атәылауаҩшәҟәыҭаратә напхгара аиҳабыс – Беслан Бигәаа.
Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы – амилициа аполковник Зосма Гыцба.
Дмитри Дбар иҳәеит акадртә еиҭакрақәа ԥхьаҟагьы ишымҩаԥгахо.
Аминистр Аԥсны ААР аилазаара адҵа риҭеит акриминалтә елементқәеи анаркотикқәа реикәыршареи аҿагылара ӷәӷәӷа рырҭаларц.
Дмитри Дбар ҷыдала азхьаԥшра аҭатәуп ҳәа иҳәеит амаҵзуратә леишәа, абри азы аҭакԥхықәра рыдҵахоит аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.
"Астатистика аӡәгьы ҳашьҭаӡам. Иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу жәдыруеит. Ажәлар адгылара ҳарҭоит. Аус улатәуп", - ҳәа иҳәеит Дбар.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагреи Гәдоуҭеи рраионтә ҟәшақәа рхадацәа аҭоуп
-
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа