Аҟәа апрокуратура анаркотикқәа рыҵәахразы амилициа аусзуҩ изы аусҭҵаара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура г. Сухум
Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьаусҭҵаара фигурантс иазыҟалаз амилиционер аамҭала абаандаҩцәа раанкыларҭаҟны алеитенант еиҳабы ичын имоуп.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ иганахьала анаркотикқәа рыҵәахразы аусҭҵаара хацнаркит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Иҟоу адыррала, ашьаус хацыркуп "амилициа алеитенант еиҳабы Галустиан Оганес Рафик-иԥа иганахьала закәандарыла анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы иҵәахуан ҳәа агәызҩара рыманы" ҳәа Аԥсны ААР аҟынтәи иаашьҭу аматериалқәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Анаркотикатә маҭәашьар "метадон" 0,023 грамм иҟаз асԥычкаҭра иҭаны лаҵара 8 рзы иԥшаан Аԥсны ААР аҷаԥшьаҩцәа реиҳабы ихаҭыԥуаҩ имашьынаҿы. Аԥсны ААР аминистр иусдҵала Галустиан аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.

Министр ВД Дмитрий Дбар провел расширенное совещание с руководством и личным составом МВД РА. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиҭакрақәа мҩаԥгоуп

Лаҵара 30 рзы Аԥсны ААР аминистр ҿыцс иҟаҵоу Дмитри Дбар иҳәеит аусураҿы аԥыжәара зауа хырхарҭахоит анаркотикқәа раларҵәара аҿагылара.

Лаҵара 5 рзы аминистр идҵала аамҭалатәи аанкыларҭаҿы агәаҭарақәа мҩаԥган, иҭакыз ирымхын ззин ыҟам амаҭәарқәа.

Лаҵара 10 рзы Аԥсны ААР ахатәшәарҭадара аҟәша аусзуҩцәеи ареспублика ашьаусҭҵаара анапхгараҭара аусзуҩцәеи дааныркылеит амилициа алеитенант еиҳабы, змашьынаҿы анаркотикқәа рбаз.

Лаҵара 16 рзы Аԥсны ААР аусзуҩцәа аусура арӷәӷәаразы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахысуа амашьына дуқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит амаҵзуратә лақәа рхы иархәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0