Ебжьноу: ажәлар зхысыз аибашьра ашьҭахь сара сыԥсҭазааразы ашшра азин сымам
"Нхара хәа Аԥсныҟа саныхынҳә 28 шықәса сырҭагылан. Аиааира амш 15 шықәса ахыҵра анн ҳааит. Усҟан аныҳәа ду еиҿкаан, усҟан сара сгәы иҭаскит арахь нхара ҳәа сшаауа. Аибашьра ашьҭахь ауаа аџьбаа ду рбеит ара, убри аҟнытә аԥсадгьыл азы гәынамӡарак сҳәар ҟалаӡом. Зегьы аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп, атәыла анапхгарагьы, ауаагьы, аха хәыҷык ҳааԥшыроуп, ачҳара ааҳарԥшыроуп. Мышкызны зегьы бзиахоит ҳәа ҳҳәалароуп. Зегь ҳаидгылароуп, даҽаӡәы дааины ара аус бзиақәа ҟаиҵозар бзиоуп, аха ҳара-ҳара иҟаҳҵар иаҳа еиӷьуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ебжьноу.
Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамазаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: