АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит

© SputnikЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь адепутатраз акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩра иалагеит лаҵара 23 рзы.

АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik. Аԥсны Алхратә Комиссиа Хадаҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит лаҵара 26 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит атәыла АКХ аҿы.

Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟынтәи ашәҟәы дҭагалоуп Асҭамыр Ахба, Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟынтәи – Гарри Кокаиа.

Аԥсны Апарламент – азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп, уаанӡатәи атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанызаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арыҩшьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, аԥсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

АКХ аҟны аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа 200-250 еизыргароуп. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит нас аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатураз аӡбра аднакылоит.

Аԥсны алхратә комиссиа хада ԥхынгәы 12 аҽны иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара ҿҳәарас ишьақәнаргылеит. Уи аҿҳәара мызк шагу, рашәара 12 рзынӡа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩрақәа мҩаԥысуеит.

АКХ адокументқәа анаднакыла ашьҭахь жәамш рыҩныҵҟа акандидатцәа рҭаҩразы аӡбра аднакылоит мамзаргьы иҵаҵӷәыркны мап акуеит.

Алхыҩцәа рсиа азеиԥшдырразы абжьыҭира жәамш шагу икнарҳауеит. Алхратә закәан инақәыршәаны, АКХ алхрақәа ҩымш-хымш шрыбжьоу аокругтә алхартә комиссиақәа рахь инанагоит абиуллетенқәа.

Алхрақәа мҩаԥысуеит: Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31, Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18, Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10, Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14.

Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭира иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.

Алхратә округ аҿы ҩыџьеи инареиҳани ркандидатурақәа ықәгылазар, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар аокругтә алхратә комиссиа аӡбра аднакылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа еиҭақәыргыланы. Аиҭабжьыҭира мҩаԥысуеит ҩымчыбжь ирхымгакәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0