Аԥсуаҭҵаара агәеисырҭа: Аԥсуа институт аҭоурых аҟынтә

© Sputnik АБИГИ
АБИГИ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аԥҵан 1925 шықәсазы, усҟан уи иахьӡын Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа ҳәа. Лаҵара 28, 1930 шықәсазы Аԥсны Арккаразы жәлар ркомиссариат академиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт ҳәа аиҭакразы ақәҵара аднакылеит.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт шаԥҵаз, ареспубликаҿ имҩаԥысуаз аҭоурыхтә хҭысқәа рҿы ари аҭҵаарадырратә усбарҭа рольс инанагӡоз уҳәа шәаԥхьар алшоит Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟынтә

1931 шықәса нанҳәамзазы "аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рыҭҵаамҭақәа еиқәымшәарц ази аҭҵаарадырратә мчқәа реиларҵәарази" Аԥсны Анагӡаратә еилакы хада иаӡбеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институти Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи реилаларазы. Абринахыс аусҳәарҭа иахьӡхеит Аԥсны атәылаҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырратә институт ҳәа.

Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит

"Иҟам даҽа ҭҵаарадырратә усбарҭак абызшәа, акультура, аҭоурых, аҟазара ҭызҵаауа Аԥсуаҭҵааратә институт еиԥш. Ҳара ҳинститут сынтәа 95-шықәса ахыҵра агәаҭара аҽазнархиоит. Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых ахы акуеит 1925 шықәса рзы. Жьҭаара 11 рзы иаԥҵан Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа", - ҳәа азгәеиҭоит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.

Аҵарауаҩ иҳәоит ареспубликаҿы асовет мчра анышьақәырӷәӷәаха ашьҭахь аҵарадырра еиҳа иҳаракыз аҩаӡара аиуа ишалагаз, ауаагьы адыррақәа роура еиҳа ишырзымариахаз. Аԥсны усҟантәи анапхгара ибзианы еилыркаауан ареспублика аҿиарамҩа ишзанымлоз ауаа рҵарадырра шьҭаханы иаанхар ҳәа иҳәоит адиректор.

"Аԥсны – збызшәеи зҭоурыхи беиоу ҳәынҭқарроуп, убри азы аҭҵаарақәа ирылаган абарҭ ахырхарҭақәа рыла. Усҟантәи ашықәсқәа рзы иҟан Ақыҭанхамҩазы Аҟәатәи аилазаара. 1922 шықәса рзы иара ашьаҭала иаԥҵан Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара. Убри анахыс иалаган абызшәеи аҭоурыхи рыҭҵаара. 1925 шықәса рзы академик Николаи Марр иаԥшьгамҭала иаартын Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ашәба.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа  - Sputnik Аҧсны
"Быжь-хаҳәк ирхысыз": Академик Шоҭа Арсҭаа 90 шықәса ихыҵит

Ирылагоит аԥсыуа бызшәала аҭҵаарадырратә усумҭақәа ркьыԥхьра.

"Аҭҵаарадырратә усура напхгара аиҭон Андреи Ҷоҷуа, уи дивагылан Дырмит Гәлиа, маӡаныҟәгаҩыс дыҟан Платон Шьаҟрыл. 1926 шықәса рзы Николаи Марр иҭижьит аурыс-аԥсуа жәар, Константин Ковач иҭижьит "Аԥсуа жәлар рашәақәа 101" захьӡу ашәҟәы, 1930 шықәса рзы – "Кәыдрытәи аԥсуаа рашәақәа", - еиҭеиҳәоит аинститут адиректор.

Аинститут ахьӡ акырынтә аԥсахрақәа ақәшәахьан: 1935 шықәса рзы – Аԥсуа культура аинститут; 1939 шықәса рзы – академик Марр ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рыҭҵаарадырратә институт; 1950 шықәса рзы – Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут; 1960 шықәса раахыс иахьа уажәраанӡагьы Дырмит Гәлиа ихьӡ ахуп, 1994 шықәса инаркны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Аԥсуаҭҵааратә институт.

Аҭҵаарадырра арҭбаара

Аԥсны анагӡаратә еилакы хада 1931 шықәсазтәи аӡбарала Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырра иаҳа иҭбаау аҿиарамҩа ианнаҵеит иҳәеит Арда Ашәба.

"Аҵарауаа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рацәан: аԥсуа бызшәа арҿиаразы иаԥҵатәын алитературатә бызшәа, еизгатәын хәы змаӡамыз аԥсуа фольклор, аетнографиа, иҭҵаатәын аҭоурых аҭыԥхьыӡқәа, иҿыцӡа доуҳала иҭәы-иԥха иҟаз аԥсуа жәлар рҭоурых макьана қьаад ианымлацызт, аха ҩнуҵҟала ибеиаз абарҭ зегьы цәырган, жәлары ирбо, ираҳауа иҟаҵатәын. Убасҟантәи аамҭаз убри аҭахра рызҭаз Аԥсны аиҳабыра, аҵара змаз, ԥсабаралагьы иҟәышыз, убарҭ аҭакԥхықәра рыдын. "Иахьа ҳара ҳаламгар, уаҵәы иалаго ихәашьыр ҟалоит, иԥсхасҭаитәыр ҟалоит" ҳәа абри еилкааны аус хацыркын. Усҟан аиашазы, иакадемикцәаны иҟамызт урҭ ауаа, аха аҵаулара змаз, агәыбылра змаз, адырра бзиа змаз ауаа аусура иаҿын. Убри азоуп Аԥсуаҭҵааратә институт изалшаз ахықәкы анагӡара", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы.

1935 шықәса рзы иахьатәи аинститут усҟан Аԥсуа акультура аинститут ҳәа иҟаҵаны Асовет еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаларҵоит.

"Уи нахыс акырынтә ахьыӡқәа рыԥсаххьан, аха ахықәкы мыԥсахӡакәа, ажәлар зегьы рыԥсҭазаараҿы мҽхакы рацәала иҟанаҵоз рацәан. Аҭҵаарадырратә усура адагьы, иара активла аполитикатә ԥсҭазаара иалахәын, аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара еснагь агәҭа иалагылан", - иҳәеит Ашәба.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан 1992 шықәса жьҭаара 22 рзы Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭқарратә архив хадеи ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа амца ацраҵаны ирблит, ирццышәит аԥсуа ҵарауаа акрызҵазкуаз русумҭақәа, хәызмаӡам рнапылаҩырақәа. Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа аӡәырҩы абџьар шьҭыхны аӷа иҿагылан иқәԥон, рыԥсадгьыл ахақәиҭра азааргон. Урҭ рахьтә быжьҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит.

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәба Аԥсуа институт аԥҵаразы: доуҳала иҭәы-иԥха иҟаз аԥсуаа рҭоурых ақьаад ианҵатәын

Аинститут иахьа

Иахьатәи аамҭазы Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иҟоуп абызшәа, алитература, афольклор, аҭоурых, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, аредакциа рыҟәшақәеи, архиви, аҭҵаарадырратә библиотекеи.

Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор иажәақәа рыла, иахьа аҵарауаа рҿаԥхьа иқәгылоуп адҵақәа рацәаны, урҭ иреиуоуп аԥсуа бызшәа аҭҵаара ацҵарагьы.

"Ҳара ҳаиасуа ҳалагеит ақалақьтә культурахь, атехнологиақәа рыҿиара аԥсшәа анырра анамҭарц залшом. Аҳәынҭқарра дуқәа рҿы иаԥырҵоит аҭҵаарадырра аҿиаразы апрограммақәа. Ҳаргьы уи азы иҟаҳҵаша азгәаҳҭароуп, хымԥада иаҭахуп уи шаҟа ақәхарџьхогьы ашьақәыргылара. Аекономикатә уадаҩрақәа аҭҵаарадырра иаԥырхагамхартә аҟаҵашьа ҳақәшәароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа - Sputnik Аҧсны
Аҩӡба Гьаргь Ӡиӡариа изы: уақәӡыр аныҟалоз аамҭазы аԥсуаа рызҵаара ықәзыргылаз дреиуоуп

Аҭҵаарадырраҟны иманшәалам аҭагылаазашьақәа ирыхьмырԥшкәа, уи знапы алаку аҵарауаа рхыԥхьаӡара маҷым, урҭ рыбжьара иҟоуп аҿаргьы, иҳәоит аинститут аиҳабы. Убри аан иазгәеиҭеит аусзуҩцәа ироуа ауалафахәы рхи рҭаацәеи аланыҟәыргартә еиԥш ишыҟам.

"Иахьатәи аамҭазы ҳинститут аҟны имҩаԥысуа аҭцаарақәа иреиуоуп Аԥсны аҭоурых иазку томрацәала еилоу аизга, аԥсуа литература аҭоурых иазку томрацәалатәи аизга, аԥсуа ҩышьаԥҟарақәа, аетнографиа иазку ашәҟәқәа, иаҳҳәап, ажәытә аԥсуа ргыларақәа ирызку аусумҭа уҳәа ирацәаны", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Иахьа Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус руеит 145-ҩык аҵарауаа. Аинститут аҭҵаарадырратә усура амҽхак ҭбаауп, уи аҿиаразы аҵарауаа ирыцхраатәуп ҳәа азӷәеиҭеит Арда Ашәба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0