Џьансыхә Адлеиба Апарламент адепутатрахь кандидатс дықәгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДжансух Адлейба
Джансух Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит ԥхынгәы 12 рзы Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18, Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31, Бзыбтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10, Оҭҳаратәи алхырҭатә ҭыԥ хада №14 рҿы.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа лаҵара 29 рзы ашәҟәы иҭаргалеит Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟны депутатс Адлеиба Џьансыхә икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзура.

Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи атур иазхәыцны: Аԥсны АКХ адепутатцәа ралхра иадҳәалахо ахарџьқәа аԥхьаӡеит

Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит лаҵара 26 рзы: Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟынтәи ашәҟәы дҭагалоуп Асҭамыр Ахба, Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31 аҟынтәи – Гарри Кокаиа. Адырҩаҽны ашәҟәы иҭагалан Ҭамаз Леиба икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ (Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10).

Лаҵара 28 рзы Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭагалоуп Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны депутатс Ҭемыр Абесалом-иԥа Беиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.

Џьансыхә Адлеиба 2019 шықәса рзы Аҟәа, Алашарбага араион аҿы агәамсамкаԥсарҭа аркразы активла дықәгылон.

2020 шықәса рзы иареи идгылаҩцәеи Апарламент аҿаԥхьа амшьамба-қьалақәа ргыланы итәеит адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рныхрақәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәа адекларациа рзуразы" азакәан апроект рыдыркыларц. Азакәан рыдкылан.

Ишазыԥхьагәаҭаз ала, азакәан амчра аиураны иҟан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы. Акциа алахәылацәа ари иақәшаҳаҭым, адҵагьы ҟарҵоит хәажәкыра 22, алхрақәа рымш аҟынӡа азакәан амчра аиурц. Акциа далахәын Џьансыхә Адлеибагьы.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз аҭыԥқәа ԥшьба рахь: уаанӡатәи атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа рҿы.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арҩашьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, апсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0