Изырҭахузеи америкаа Ацентртә Азиеи Қырҭтәылеи алабораториақәа

CC0 / Pixabay/DarkoStojanovic / Анализ крови лаборатория
Анализ крови лаборатория  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Лавров ОДКБ атәылақәа рыдәныҟаполитикатә министрцәа реиԥылараан иҳәеит, адунеи зегьы аҿы Еиду Аштатқәа арра-биологиатә усура мҩаԥыргоит, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәа-сигәагьы уахь иналаҵаны ҳәа.

МОСКВА, лаҵара 30 — РИА Новости, Галиа Ибрагимова. "Адунеи зегьы аҿы Еиду Аштатқәа арра-биологиатә усура мҩаԥыргоит, ҳара ҳҳәаақәа рааигәа-сигәагьы" ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров ОДКБ атәылақәа рыдәныҟаполитикатә министрцәа реиԥылараан. Москва акырҵуеит агәҭынчымра амоуижьҭеи абри азы. Ҟазахстан, Ермантәыла, Таџьикистан америкаа абиологиатә лабораториақәа дыргылеит. Азҵаара рацәа цәырнагоит Қырҭтәыла иҟоу Лугар ихьӡ зху алабораториа. Абарҭ зегьы Вашингтон изаҭаху еилнаргоит РИА Новости.

Идырны иҟаҵоуп

Акоронавирус раԥхьаӡа акәны Ҟазахстан иазгәаҭан хәажәкыра алагамҭаз. Атәыла ахадара аҳәаақәа аркны аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеит. Аинтернет аҿы ицәырҵит ацәажәарақәа авирус 2016 шықәса рзы америкаа идыргылаз абиолабораториа иадҳәалазар ҟалоит ҳәа.

Урыстәыла Америка иацхраауеит: Трамп дҳәоит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Америка иацхраауеит: Трамп аҳәара ҟаиҵеит

Алма-ататәи Ареферанс-лабораториа хада (ЦРЛ) Ҟазахстан иҟазар зылшо авирусқәа рыштаммқәа ҭнаҵаауеит. Шьаҭаны иамоуп Ҟазахтантәи аинфекциақәа рыҭҵаарадырратә институт, Агәабзиарахьчара аминистрра анапаҵаҟа иҟоуп. Ҟазахстан иатәны ишьоуп Пентагон ишаргылазгьы. Абри аобиект азы ЕАА 108 миллион доллар азоурыжьит.

Вашингтон иазгәанаҭеит: арегион аҿы америкатәи аруаа ыҟоуп, урҭ идырым авирустә инфекциақәа ирцәыхьчатәуп ҳәа.

ОДКБ, ИАР, ШОС рсаммитқәа рҿы Москва ахаҭарнакцәа изныкымкәа ирҳәахьеит америкаа арҭ алабораториақәа урыстәылаа ринтересқәа ирҿадыргылоит ҳәа. Аха Ҟазахстан аҭыԥантәи абиологцәа русура уаҩ ихы алеигалом ҳәа рҳәон.

"Аҳәаанырцә ҵарауаа ралахәра ҟалоит аицусурақәа рымҩаԥгараан заҵәык", - ҳәа рҳәеит Алма-ататәи Ареферанс-лабораториа хада аҟны.

2018-шықәса рзы Ҟазахстан иаагәоуҭартә ирацәахеит аменингит чымазара. Алма-Ата аменингококтәи аинфекциа аштамм ЦРЛ аҟынтәи ицазар ҟалоит ҳәа рҳәо иалагеит. Ажурналистцәеи аблогерцәеи ирыҩуан америкаа авирус дырны иоурышьҭит, аус здыруло абактериологиатә бџьар ахымҩаԥгашьа еилыркаауан ҳәа.

Ҟазахстан агәабзиарахьчара аминистрра аепидемиа аҭыԥ амам рҳәеит. "Ҟазахстан аменингит 58 хҭыс ыҟоуп, урҭ рҟынтәи Алма-Ата — 32. Арбагақәа уԥхьаӡар ВОЗ аҿырԥшқәа рыла уи акгьы аанагом", — рҳәеит аминистрраҿы.

Прививка - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым Малышев авирус алаҵазы: шықәсык, ма шықәсыки бжаки иадхалар ҟалоит

Акоронавирус анцәырҵгьы аиҳабыра шәарҭа ыҟам рҳәеит.

Иарку аусуратә режим

Асовет аамҭақәа рзы Ермантәыла амикробиологиа Аинститут СССР иреиҳаӡоу центрны ишьан. 90-тәи ашықәсқәа раан ара имҩаԥысуаз аусурақәа интересс ирыман Аштатқәеи Великобританиеи.

Аамҭақәак рышьҭахь америкаа ара иаадыртит абиолабораториақәа. Аԥарақәа Ҟазахстан еиԥш араҟагьы Пентагон иашәон. Ацентр аиҭарҿыцразы иахшәаан 10 миллион доллар.

Ереван, Гиурми, Ванадзор, Мартун, Иджеван иргылаз ацентрқәа иҭырҵаауан Кавказ иазыҟазшьоу авирусқәеи аштаммқәеи.

Алабораториақәа Ермантәыла агәабзиарахьчара асистемахь иаҵанакуеит аха ЕАА Атәылахьчара аминистрра амаҵзура уахь анеира азин рымоуп. Аҭыԥантәиқәа реиԥш америкаагьы аус руеит.

Ермантәылатәи абиолабораториақәа рырмаӡара Москва агәынамӡара анаҭоит. Ииасыз ашықәс азы аԥыза-министр Никол Пашиниан дақәшаҳаҭхеит Москвеи Еревани аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩырц аха аҵыхәтәны мап ацәыркит.

Ишәарҭоу аҿкра

2010-шықәса рзы америкатәи абиологцәа Таџьикистан иазхьаԥшит. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҿкра цәырнагоит ҳәа иршьеит. Мраҭашәаратәи афондқәа аҭҵааратә центрқәа рыргылара аԥара ахыршәааит.

Тест-системы для диагностики нового коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа авирус зшьуа ашоура аҩаӡара шьақәдыргылеит

2013-шықәса рзы Душанбе иаадыртит абиологиатә шәарҭадара алабораториа. Апроект аԥара азоунажьуан франциатәи афонд Мерио.

Афранцызцәа ирыцхраауан ООНи ЕАА Жәларбжьаратәи аҿиараз ацентр USAID. Аинвестициақәа х-миллион доллар иреиҳахеит.

2019-иаԥҵан аҽа лабораториак. Спонсорс иҟан: USAID, Пентагон.

2019 шықәса рзы ақалақь Исфар аҿы аҽа обиектк аартын. Аригьы аԥара азоурыжьуан америкаа.

"Ацентртә Азиаҿы акоронавирус ҟалаанӡагьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩын. Арегион аҿы ирацәан ачымазарақәа. Иаҭахын абиолабораториа ҿыцқәа. Уи аԥара аҭахуп. Ацхыраара ада иҳалмшеит" ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Душанбе аполитологиатә ҭҵаарақәа р-Центр адиректор Абдугани Мамадазимов.

Аексперт америкаа ара рыҟазаара шәарҭарак аҵаны ибом.

Қырҭтәыла абактериологиа

Қырҭтәыла ОДКБ иалам аха Урыстәыла иаԥнуп. Кавказ ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Москва агәҭынчымра аанарԥшуеит ара иргылоу Ричард Лугар ихьӡ зху Аҭҵааратә центр. Иҟоуп агәаанагара абиолабораториа америкаа ринтересқәа ирыцхраауеит ҳәа.

Лаборатория Лугара в Грузии Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Карасин Лугаратәи абиолабораториа зҿу дазҵаауеит

2018-шықәсазы Қырҭтәыла уаанӡатәи ашәарҭадаратә маҵзура аминистр Игор Гиоргаӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит алабораториаҿы ауаа аԥышәара иахрыжьуазар ҟалоит ҳәа, ицәыригеит ашәҟәқәа, Лугар зҽызхәышәтәуаз шыԥсыз аазырԥшуаз. Ара аус руан Пентагон анапаҵаҟа иҟаз афирмақәа CH2M Hill, Battelle, Metabiota рҟынтәи абиологцәа.

Гиоргаӡе иазгәеиҭеит алабораториа иамоу абактериологиатә хьчара. Уи адагьы ацентр абиологиатә маҭәашьар алазырҵәо ахархәагақәа амоуп. "Ауааԥсыра рыԥсҭазаара ҳахьчаҩцәоуп зҳәо аусбарҭаҿ ари аҩыза заҭахузеи?", - ҳәа дҵааит иара.

Пентагон Гиоргаӡе ииҳәаз хшыҩдароуп рҳәеит. Қарҭаа алабораториа шәарҭам рҳәеит, Лугаратәи ацентр ахь аурысқәа рнеирагьы иақәшаҳаҭын, аха настәи акризис зегь еиԥнарҟьеит.

"Қырҭтәыла ахаангьы афизико-химиатә биологиа аинтерес амамызт. Асеиԥш зыҩаӡара ҳараку алабораториа — зперсонал абиологиатә хьчара ду рымоу азҵаарақәа цәырнагоит. Иабаҭаху апатоген хьанҭақәаа ус рыдулара?" —РИА Новости аинтервиу аҭо дҵаауеит абиологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Николаи Сетков.

Авирусологиа ацентр "Вектор" адиректор ихаҭыԥуаҩ Александр Агафонов иазгәеиҭоит Лугар ихьӡ зху Ацентр аҿы абиологиатә бџьар аԥырҵоит ҳәа ииашоу адыррақәа роура шалымшо.

"Убри аан аилахәырақәа CH2M Hill, Battelle, Metabiota ари аусура ралахәра идыру акоуп. Дара иҭырҵаауиет ишәарҭоу абактериақәа. Урҭ хылаԥшрада рааныжьра ҟалом", - иҳәоит аҟазауаҩ.

Амаҵзура зазҵааз аекспертцәа ргәаанагара еиқәшәеит асовет ҳәынҭқаррақәа аҳәаанырцәтә цхыраара иақәгәыӷны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хырҩа азырур ҟалоит ҳәа. Ари узыцәшәаша ахҟьа-ԥҟьа аиур алшоит. Апандемиа аан алабораториақәа еиҳа цәшәарҭахәыс ишьҭырхит. Ари иунаҭоит агәыӷра арҭ аструктурақәа еиҳа рымаӡара рхырхып ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0