Sputnik амчыбжь: Аҟәа арԥшӡареи, акриминалтә хҭысқәеи, акоронавируси

© Sputnik / Леон Адлейба Замена плитки на набережной Сухума
Замена плитки на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари амчыбжь азы Аԥсны: акоронавирус азы ажәабжь ҿыцқәа, урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа аинформациа мцы, аиҳабыра рҿы ауаа ҿыцқәа.

Иаҳхысыз амчыбжь азы акоронавирустә инфекциа рыдбалан москватәи акурсантцәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟынтә дыбналеит абаандаҩы, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа ауаҟьан-чаҟьан аҭыԥ аман.

Еиҭахгьы акоронавирус

Аԥсны акоронавирус аархашҭуама уҳәо ишыҟаз аоперштаб адырра ҟанаҵеит рашәара 3 рзы COVID-19 быжьҩык акурсантцәа рцәа иалоуп ҳәа. Дара зегьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инашьҭын.

Рашәара 6 рзы авирус идбалан аҽа курсанткгьы. Абас ала рашәара 7 рзтәи адыррақәа рыла, Аԥсны 36 хҭыс аҭыԥ рыман.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Акоронавирустә инфекциа даҽа курсантк ицәа иалоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп

Рашәара акы азы аӡбра рыдкылан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркызарц. Иара уаанӡа иаартын акарантин иахҟьаны Қырҭтәыла инхаз ҳтәылауаа рыхынҳәразы. Абри аамҭала ареспубликахь ихынҳәит 532-ҩык.

Қырҭтәылантә ихынҳәыз аҽыԥхьакратә режим иахыжьын, акоронавирус агәаҭаразы ранализқәа ган. Урҭ аӡәгьы авирус ицәа иаламызт.

Рашәара 2 рзы Аслан Бжьаниа ареспублика Апарламент адепутатцәа дырԥылеит. Далацәажәеит атуризм аусхк апандемиа аан ишырҽеитәу.

Бжьаниа иҳәеит атуристтә сезон азы ауснагӡатәқәа зегьы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еиԥшрыла ишымҩаԥырго.

Иара иҳәеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра имҩаԥнагоз аилацәажәара дшалахәыз.

"Уаҟагьы акурорттә сезон рҽазыҟарҵоит. Атуристцәа COVID рцәа ишалам зҳәо иҷыдоу ашәҟәқәа рыцзароуп, аԥгаԥса рымазароуп. Урыстәылатәи аган агәҭакқәа ирхьырԥшхоит ҳаргьы ҳхымҩаԥгашьа", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит Аԥсны акоронавирус иахҟьаны абиуџьет ацәыӡқәа Урыстәылатәи аган иханарҭәаауеит ҳәа, раԥхьа иргыланы атәанчахәытә, аулафахәытә, асоциалтә шәарақәа.

Сабуа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшьи Очамчыреи амшынҭаларазы аԥҟарақәа ргәаҭара иаадырԥшыз

Бжьаниа: Аԥсны атуристтә сезон аартразы иҟаҳҵаша ҳазхәыцроуп

Ахҭысқәеи аанкыларақәеи

Рашәара 1 азы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара зхараҵаны зус рыӡбараны иҟаз, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәшаҿы ишьҭаз Иашҭхәа ақыҭа ауаҩԥсы Гурген Киракосиан дыбналеит.

Руки в наручниках. 07.06.2020 - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахәышәтәырҭаҟынтәи ибналаз ахаҿы иҽриҭеит

Киракосиан иганахьала ашьаусҭҵаара хацыркын изакәанымкәа абџьари аџьаԥҳани рыҵәахразы, даанкылан лаҵара 15 рзы. Убри ашьҭахь иара дырхәышәтәуан Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аԥҟара аҟәшаҿы, уантәи иара абналара илшеит: инапышьаҳагақәа аартны, ацәарҭамаҭәақәа еиқәҳәалан дырхьынҳаланы ахԥатәи аихагылаҟны дахьышьҭаз апалата аԥенџьыр ала дылбааит.

Киракосиан иганахьала Аҟәа ақалақьтә прокуратура ашьаус хацнаркит дахьҭакыз аҭыԥ аҟынтәи дахьыбналаз афакт ала.

Киракосиан азинхьчаратә усбарҭақәа рахь дцәырҵны ихы риҭеит рашәара 4 рзы иара иганахьала аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан.

Аҟәа ахәышәтәырҭаҟынтәи ибналаз абаандаҩы амилициа ишьҭоуп

Рашәара 5 рзы аҽа хҭыскгьы ҟалеит Аҟәа. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа аҭел ианас ашьҭахь Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит.

Ацҳаражәҳәарҭа аҵакыраҟынтә иқәыргеит игылаз амашьынақәа, ауаа ахыргеит. Абомба аҵоуп ҳәа иҟаз адырраҭара мцхеит.

Рашәара 5 рзы Галтәи Араионтә хәышәтәырҭа хада аҳақьым хада, уи адагьы Гал араион асанитартә ҳақьым хада Гьаргь Шьониа 40 нызқь мааҭ иреиҳаны ахараԥса иқәырҵеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыларазы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа иҟаз аинформациа мцуп

Аԥсны аиҳабыра ҿыц реиқәыршәара

Аԥсны еиуеиԥшым аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа рыԥсахра мҩаԥысуеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа акультура аминистрс дҟаиҵеит Гәдиса Агрба, ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Гәдиса Агрба Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны аус иуан, иара убас Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дыҟан.

2016 шықәсазы апарламент адепутатцәа Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылаҩыс далырхит.

Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭусбарҭақәа хԥеи маҵзурақәаки рхадацәа аиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Атәылахьчара аминистрс аинрал-полковник Владимир Ануа иҟаҵаразы. Иара абри аусԥҟала Ануа Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩраҟынтә, арратә инспектор хада имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

Уаанӡа министрс иҟаз Мираб Кьышьмариа Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иабжьагаҩ хадас дҟаҵоуп.

Аслан Бжьаниа Зураб Қаџьаиа Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Иара убасгьы Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс Борис Лакәатаа иҟаҵаразы даҽа усдҵак инапы аҵаиҩит атәыла ахада.

Аслан Бжьаниа иусдҵақәа инарықәыршәаны: Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы – Роман Џьопуа; Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы – Адамыр Аҳәба; Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа аиҳабы – Аркади Џьынџьиа; Абнанхамҩазы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс - Анзор Ашәхәаҵаа; Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабыс – Роман Ӷәынџьиа.

Аҟәа арԥшӡара

Аҟәа аремонттә усурақәа ирыцырҵоит: амшынԥшаҳәаҿы атротуартә плитақәа рыԥсахуеит, аҵлақәеи ачықьқәеи дырҟәыдуеит, апарк "Алакә" аҽраԥшра еиҭаркуеит.

Замена плитки на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны
Ацәхыԥқәа рыда, алашара ақәырԥханы: Аҟәа аԥшаҳәаҿы абульвар мҩа шьҭарҵоит

Аԥсны аҳҭнықалақь амҩақәак рҟны акаҭран ахәҭак рыԥсахуеит. Амуниципалтә унитартә наплакы "Амҩаремонтргыларатә наплакы" ақалақь амҩақәа рҟны ажратә усурақәа мҩаԥнагоит

Планла ажратә ремонтқәа ҟаҵахоит Аиааира, Сахаров, Инал-иԥа амҩақәа рҿы. Аҭыԥантәи амҩақәа ақалақь ахадара аԥаразоужьра рзыҟанаҵоит. Амҩатә фонд аԥаразоужьрала аремонтқәа ҟаҵахоит ареспубликатә ҵакы змоу Лакобеи Дбари рымҩақәа рҿы.

Амуниципалтә унитартә наплакы "Амҩаремонтргыларатә наплакы" анапхгаҩы Зураб Аҳәба иажәақәа рыла, акапиталтә ремонт ҟаҵахоит урҭ зегь аныԥсаххалак ашьҭахь. 2022 шықәса рзы иазԥхьагәаҭоуп Џьонуа, Абазақәа, Гәлиа амҩақәа рҿы.

Аамҭалатәи аремонт: аҟәатәи амҩақәа фба рҿы ажрақәа акаҭран рҭадырҭәоит

Ажәабжьқәа зегьы
0