"Аԥсны агәадура" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп

© Foto / пресс-служба конкурса «Гордость Абхазии»Конкурс молодых лидеров "Гордость Абхазии"
Конкурс молодых лидеров Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәхаразы онлаин арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2 рзы. Шәҩык инареиҳаны ауаа арзаҳалқәа аларҵахьеит аицлабра алахәхаразы.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәхаразы онлаин арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара рашәара 12 рҟынӡа иацҵоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект амаӡаныҟәгаҩ Милана Ҳашԥҳа.

Аԥхьанатә рашәара 10 рзы ихыркәшахараны иҟан арзаҳалқәа рыдкылара.

Президент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аицлабра "Аԥсны агәадура" анапхгаҩ ҿарацәа аанарԥшыроуп

"Аԥхьанатә рашәара 10 рзы ихыркәшахараны иҟан арзаҳалқәа рыдкылара, аха аиҿкааратә еилакы ахь аҳәарақәа нарышьҭуа иалагеит аҿҳәара иацҵазарц. Ҳаргьы иҳаӡбеит аҽа ҩымш ҳнахарц", - лҳәеит Ҳашԥҳа.

100-ҩык инареиҳаны ауаа арзаҳалқәа аларҵеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ашьаҭала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәхаразы.

Онлаин-арзаҳалқәа ирылоуп ихақәиҭу аформала еиқәыршәоу арезиуме, 2030 шықәсазы Аԥсны зеиԥшрахар акәуи, насгьы ус иҟаларц азы иҟаҵатәуи иазку х-минуҭк ирҭагӡоу авидео-ессе. Актәи аетап аан 50-ҩык атестқәа ирыхрыжьуеит, ирыҿцәажәоит, иара убас анапхгараҭаратә хәмаррақәа ирылахәхоит. Аҵыхәтәантәи аетап аан 25-ҩык аҿар Аԥсны аҿиаразы рхатәы проектқәа цәырыргоит. Ҭагалан имҩаԥысраны иҟоу афинал ахь инеиуеит хәҩык аиааира згаз, урҭ астажировка иахысуеит Урыстәыла аӡбарҭатә, азакәанԥҵаратә, анагӡаратә мчрақәа русбарҭақәа рҟны, дара алахәылаҩцәа рхаҭақәа ишалырхуа еиԥш.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Аконкурс "Аԥсны агәадура" мҩаԥысуеит Москватәи, Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл иҟны Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩы Инал Арӡынба иаԥшьгарала. Аконкурс аиҿкааразы аусдҵа жәабран 19 рзы инапы аҵаиҩит усҟан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба.

Уаанӡа Инал Арӡынбеи Аԥсны ахадеи реиԥылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит аицлабра ацашьа дшацклаԥшло, адгылара шыҟаиҵало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • "Аԥсны агәадура" алахәхаразы 100-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0