Галтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аиҳабы инапынҵақәа шьҭеиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Галтәи араионтә хәышәтәырҭа хада уаанӡатәи аҳақьым хада хатәгәаԥхарала арзаҳал иҩит игәабзиаратә ҭагылазаашьа инадҳәаланы инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Мактина Гьергьедааԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит аусҳәарҭа уаанӡатәи аҳақьым хада Гьаргь Шьониа хатәгәаԥхарала арзаҳал иҩит игәабзиаратә ҭагылазаашьа инадҳәаланы инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы.

Сотрудник милиции  - Sputnik Аҧсны
Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада аметадон адкыларазы ахараԥса иқәырҵеит

"Иацы сара скандидатура рыдгалан Агәабзиарахьчара аминистри Гал араион ахадеи", - лҳәеит лара.

Мактина Гьергьедааԥҳа диит 1976 шықәса рзы Гал. 2008 шықәса рзы Галтәи араионтә хәышәтәырҭаҿ ҳақьымс аусура далагеит. 2015-2020 шықәсақәа рзы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс аус луан.

Ахәаша, рашәара 5 рзы Гал араион иатәу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло ауаа раарԥшразы имҩаԥыргаз аоперативтә усҩмаԥгатәқәа ирылҵшәаны анаркологиатә диспансер ахь днаган Галтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҳақьым хада Шьониа Гьаргь. Уи амедициантә ршаҳаҭра акт инақәыршәаны анаркотикатә маҭәашьар "метадон" идкыланы дшыҟаз шьақәырӷәӷәан ҳәа аанацҳаит Аԥсны ААР асаит.

Изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыларазы Шьониа Галтәи араион аӡбарҭа аӡбамҭала аџьа ахәԥса иреиҵаӡоу ашәагаақәа 700 иҟоу ахараԥса - 42 нызқь мааҭ иқәҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0