Аԥара дук узыҟаҵаӡом: шьхацан иацу абарақьаҭреи, аџьабааи

© Sputnik / Анжелика БенияИзготовление сыра
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа қыҭақәа рыбжеиҳарак амшын аҿықәаҿ ишьҭоуп. Дара рҵакырадгьыл аҿы аҳацкьын анмаҷхалакгьы ахьчацәа ашьхаҟа ашьамаҟеи, аԥсасеи, ауахьади карцоит. Шьхацан – ианакәзаалакгьы аԥсуаа иныҟәыргон.

Sputnik, Анжелика Бениа.

Шьхацан аамҭа алагоит лаҵарамзазы. Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан инхо Саҭбеи Агәхаа "зыԥсы ҭоу" имал иманы Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ аҟны дтәоижьҭеи акыр ҵуеит. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.

Аԥснытәи ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьхақәа иахьатәи рыпроблемақәа

"Иахьа арахә змамгьы ахныҟәгашьа имоуп, аха ҳара ари аус ауп ҳзышьцылаз. Ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иныҟәаҳгалоит. Арахәи ауаҩи еибааӡоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ус ҳабацәа рабацәа ирҳәоны иаҳзынхаз ауп. Иџьабаа усуп, ҳәарада, аха хныҟәгарахеит. Ҳшыхәыҷыз ҳаланагалеит. Акацкәыр ҳҭартәаны, аҽы ҳақәыртәаны ашьхаҟа ҳааргон. Убри аахыижьҭи ҳаҿуп ашьхахь ахалара", – иҳәеит ахьча Саҭбеи Агәхаа.

Авидеонҵамҭа шәахәыԥшыр ҟалоит абра>>

Афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>

Иахьа Ауадҳарахь уаазго амҩақәа ыҟоуп, иҟоуп амашьынақәа, аха шәазхәыц, ишырцәыцәгьаз ажәытәан ҳабдуцәа. Саҭбеи игәалашәоит Ԥсҳәы амҩала шьапыла аҭыԥахь ишнеиуаз, усҟан амҩа ԥшьымш-хәымш рцәагон.

"Ҳандәықәлоз ҳанду ҳныҳәаны-ҳныԥхьаны ҳаулыжьуан. Ҳажәқәа, ҳаҽқәа, ҳҽадақәа, ҳлақәа ажәгәар инҭацаланы, ацхаӡҩа, ахәажә ҟаҵаны, хынтә дҳакәшо ҳныҳәаны амҩа ҳақәылҵон. Ашьха ҳанааилакгьы, ҳаб аџьма ишьуан. Араҟагьы ҳныҳәон. Шьхалбаан анааилакгьы, аџьма шьны дныҳәа-ныԥхьаны амҩа ҳақәлон. Ҳшьапы ԥҵәомызт, ҳарахә ҭахомызт, ҳаибганы ҳалбаауан. Анкьа арахә рацәаны ирыман. Уажә урҭқәа аныҟәгара иаҟәаҵит. Акурорт ҿиоит, ауаа ахныҟәгара иаҳа иахьымарио рыԥшаауеит, арахә карыжьит. Изыхҟьаз цқьа исзеилкаауам", – иџьаишьоит Саҭбеи.

Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь. Ақыҭа иҩахыкны, абнара ԥхынҷкәынынӡа ианаанхогьы ҟалалоит, ҳәа иҳәеит ахьча. Лашыԥсыҟа иаацоу ашьамаҟа рхыԥхьаӡара 90 рҟынӡа инаӡоит, аԥсаса 100 рҟынӡа.

"Аишьцәа ҳаиланы ҳаҟоуп. Сара 25 хы рҟынӡа сымоуп жәгьы ҳәысгьы. Сашьа гәылара дынхоит, иаргьы убасҟак имоуп, егьырҭ сашьцәагьы ус. Иааидкыланы зегьы 130 рҟынӡа ашьамаҟа ҳамоуп, арахь 90 рҟынӡа хаҳгалеит, аџьмақәа шәкы инарыцны иҟоуп", – иҳәеит Агәхаа.

Саҭбеи ицхраауеит ашәарыцаҩ қәыԥш Сасрыҟәа Агәхааи, ахьча Зосҳан Џьениеи. Зосҳан Џьениа раԥхьаӡа акәны ашьхаҟа дааргеит ҩы-шықәса анихыҵуаз. Излеиҳәо ала, барақьаҭроуп ари аҩыза амал ду змоу аԥсуа изы.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

"Ашьха ҳанааилакгьы иаразнак ҳқьала ҳаргылоит, аҭакырҭақәа ҟаҳҵоит. Зхатә арахә змоу изы барақьаҭроуп. Иаҳҳәап, аныҳәақәа раан, иҟоуп аҭаацәарақәа ҩба-хԥа қәты ззымхо, усҟан аџьма иашьҭалоит. Нас ҳара ҳҿы иаанагоит", – иҳәеит Џьениа.

Хәымыз инареиҳаны ахьчацәа ашьхара инхоит. Аҩны ианыҟоугьы тәаха рымам, амхқәа, ауҭрақәа, абаҳчақәа ирҭоуп. Зосҳан уи адагьы инапы ҟазоуп, иара амҿы иалхны агарақәеи, акаруаҭ дуқәеи ҟаиҵоит.

"Аӡын дуӡӡа аус ҳуеит. Ашьха арахә уааӡоит, аха аӡын ирфо ҟаҵатәыми, уи азы гектарк рҟынӡа аҭәа рхтәуп, аџьықәреи лоуҵароуп аԥҳәгьы ҭугароуп. Хкы рацәала ашәыр ҳамоуп. Уцәаӷәароуп, аамҭа анааилакгьы, ашәырҵлақәа ршьапқәа баҳатәуп, ирххтәуп, ауац аҭатәуп. Тәашьа ҳамам. Нас аԥхын ааудгылоит", – ҳәа иҳәеит Агәхаа.

Ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
Ахш инаркны ашә аҟынӡа: ашәаӡеи ашәхеи "риира"

Ашьхара шаанӡа игылоит. Иаацәылашеит, аџьмақәа, ажәқәа рхьара рҽазыркуеит. Аџьма хьара сааҭк-ҩ-сааҭк уадхалоит, ажәқәагьы ус ауп. Нас ашә хыхра иалагоит. Ашә хыхны инрыжьуеит амца азааигәара, ирласны иҵәыԥсырц азы. Нас еиларҵоит. Асааҭ хәба рҟынӡа ашә иазкуп, нас арахә аацара аамҭа ааудгылоит.

"Ишаалашаз адәы ҳақәуп. Ашә ҳшаҿу ихәлоит. Аԥара дук узыҟаҵаӡом, аха уҭаацәа, учара, уԥсра, уԥсхәра хнаҩоит", – иҳәеит ахьча Саҭбеи.

Ахшлых ачарҩы зны-зынла иҟарҵалоит ашьхара. Ажәытәан аҳаҭацәҟьа рхы иадырхәон: аџьма ахьақәақәа, абҟатақәа, зцәа бзиоу аныршьлакгьы, ацәа аахыхны ирҵаауан, ахаз иӡаарҵон, нас иааҭырчны ахәы адалақь ала ирсон. Алҩаҟны иҩҩарц икнарҳауан. Мчыбжьык ма жәамш, ахаҳә еиԥш ианкьакьахалакгьы ахаз иӡаарҵон, итарро иҟәымшәышәхон. Хԥа-ԥшьба ведра зко аҳаҭа алыухыр ҟалоит. Ахарҵәы рҵәны иҭарҭәоит, ахш ршны уахь ахарҵәы иалоуҭәар ҟалоит. Ус ҩымыз икнаҳазароуп. Иахьа урҭ аҳаҭақәа рцынхәрас иҟоуп ижәпо аба зхы иазырхәогьы. Ибзианы иӡахны иҟаҵатәуп. Афҩы ҷыда ахымларц азы амра ақәымшо икнаҳазароуп. Аџьыкхыш арҭоит иԥхасҭамхарц азы. Ахәшеиԥш ижәпахоит. Ахьҭақәа ааигәахо ианалаго ауп ианыҟарҵо ачарҩы, аӡынра ухәы алоуфарц азы. Убысҭа аҿахра мҳаҵәк лагәылауҵар угәы архаауеит.

Ампыл иаҳҳара, Аҳәара ҿаԥара, Ҷыҷын ихаҳә, Аӡмаскьа, Аӡаԥшь, Санчара, Лашыԥсы иаакәаршаны ԥшӡароуп. Иеиқәысыԥхьаӡаз ашьхақәеи аӡиасқәеи рыхьыӡқәа ишыԥсыуаз инхеит. Ашьха нхыҵгьы иҟоуп иԥсыуаны инхаз ақыҭақәа, аӡиасқәа рыхьыӡқәа. Иаҳҳәап, Ԥсҳәы Нхыҵ раԥхьатәи ақыҭа иахьӡуп Ԥхьара, аха аурысқәа Ԥхьиа ҳәа ианырҵит, мамзар аӡиас Лаба – алабеиԥш ииашоу аӡиас Кәыбан аӡымахә.

Ажәабжьқәа зегьы
0