Аиааира Ду апарад Москва: аефир хырқәшоуп

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәарҭоит Москва. Рашәарамза 24, 1945 шықәсазы имҩаԥган раԥхьатәи Аиааира Ду апарад.

2020 шықәса рзы Владимир Путин Аиааира 75-шықәса ахыҵра апарад ауснагӡатәқәа рыҿҳәара иахигеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Лаҵара 9 рзы Урыстәыла ақалақьқәа рҿы имҩаԥган авиапарадқәеи аныҳәатә салиутқәеи.  Лаҵара анҵәамҭаз ахада алаҳәара ҟаиҵеит  Аиааира апарад рашәара 24 рзы имҩаԥгахоит ҳәа.

Аиааира Ду апарад ахь ааԥхьара рымоуп 13 тәыла рнапхгаҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны аҳәынҭқаррра ахада Аслан Бжьаниа.

Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад иалахәын 14 нызқьҩык аруаа, 234 ак арратә техника, 13 тәыла Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Индиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Китаи, Молдавиа, Монголиа, Сербиа, Таджикистан, Туркменистан, Узбекистан рыррамаҵзурауаа рхаҭарнакцәа.

Апарад хыркәшан авиациа: адесант-транспорттә вертолет Ми-26, арратә вертолетқәа Ми-8 ԥшьба, авертолетқәа Ми-35 ргәыԥ, арра-транспорттә верталетқәа Ка-52, аҳаирпланқәа Ми-28 А-50, Ил-76, Ту-95, Ту-22, Ту-160, Ил-78 рахыԥраарала. Анаҩс аоператив-тактикатә авиациа аҳаирпланқәа ргәыԥ МиГ-29, Су-24; ажәыларатә ҳаирпланқәа ԥшьба Су-57, абжьы иаԥызоу авиациатә ракетатә комплекс "Кинжал" зықәгылоу аҳаирпланқәа МиГ-31 москватәи ажәҩан иаҵаԥыруан.

Апарад иара убасгьы иалахәын 10 ҳаирпланк аоператив-тактикатә авиациа иатәу "Русские витязи" "Стрижи".

Апарад аҳаиртә хәҭа хдыркәшеит ажәылаҩцәа Су-25. Москватәи ажәҩан Урыстәыла абираҟ аԥшшәхәқәа рыла иҩычан.

Апарад ашьҭахь Владимир Путини Москваҟа инеиз аҳәаанырцәҳәынҭқаррақәа рхадацәеи Александровтәи абаҳчаҿ Идырым асолдаҭ инышәынҭра аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарахь инеиит.

Ажәабжьқәа зегьы
0