Урыстәыла аҳәаанырцә ҟазауаа атәыла ралалара армариеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота аэропорта Шереметьево
Работа аэропорта Шереметьево - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 30 рзы Урыстәыла аҳәаақәа анаркит аҳәаанырцәуаа рзы. Азин змаз категориақәак ааныжьын.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Урыстәыла аҳәаанырцәҟазауаа атәыла ралалара армариеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра рсаит.

Карантинный центр в Коммунарке  - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла ҿыц акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 7 425-ҩык

"Зҟазара ҳараку аҳәаанырцә ҟазауаа, Урыстәыла аусура азин змоу, атәылахь иаар рылшоит. Аҳәаанырцә ҟазауаа азин рымоуп знык Урыстәыла алалара асиа ҷыда шьаҭас иҟаҵаны. Асеиԥш асиақәа Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рахь инарышьҭроуп анагӡаратә мчрақәа рфедералтә усбарҭақәа знапаҵаҟа аҳәаанырцә ҟазауаҩ аусурҭа изҭо, ма имаҵзурақәа зҭаху", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҟазауаҩ атәылауаҩшәҟәы адагьы имазароуп зыҿҳәара ыҟоу аусуратә еиқәшаҳаҭра мамзаргьы аусурақәа шымҩаԥго ма амаҵзурақәа шынагӡоу азы аиқәшаҳаҭра.

РИА Новости ишаанацҳауа ала, европатәи абизнес Ассоциациа ацхыраарала 190 бизнесуааи урҭ рҭаацәарақәеи хара имгакәа Урыстәылаҟа усура ҳәа аара азин роуеит.

Уаанӡа аиҳабыра азин ҟарҵеит урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы зҽызхәышәтәыр зҭаху аҳәаанырцәуаа атәыла ралаларазы. Аԥкырақәа аԥыхын згәакьақәа чмазцәаны рбаразы ицоз рзгьы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0