Аԥсны ААР аусзуҩцәа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абжьыҭаразы аурнақәа ааргеит Аԥсны ААР ахыбрахь аусзуҩцәа русура иаԥмырҟьакәа абжьыҭара мҩаԥыргарц азы.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 700-ҩык рҟынӡа аусзуҩцәа заанаҵы абжьыҭара мҩаԥыргеит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи абжьыҭара мҩаԥган Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иаԥшьгамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ақәшаҳаҭрала.

Выдача российских паспортов гражданам ДНР и ЛНР - Sputnik Аҧсны
Аԥсынгьы иалшоит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара

Абжьыҭара мҩаԥысуан Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа анҭыҵтә комиссиа алахәылацәеи ареспубликаҿ иҟоу Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Станислав Апсавеи рыҟазаараан.

Атәыла азакәан хадахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара амш хада. Ԥхынгәы 1 азы ауаажәларратә зинеиҿкаара амҩаԥгара рнапы иануп Аԥсны ААР аусзуҩцәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Араионқәа рхадацәа адырра ҟарҵеит ишазыхиоу абжьаҭара аиҿкааразы ацхыраара аҟаҵара. Уи азы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ауаа рнагаразы атранспорт азырхиахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0