Аԥсуа хымхәацәа-ампутантцәа ашьапылампыл маҷ азы ахәмаррақәа рҽырзыҟарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир по мини-футболу среди инвалидов-ампутантов
Турнир по мини-футболу среди инвалидов-ампутантов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагоит Урыстәыла имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атурнирқәеи аиҩызаратә хәмаррақәеи Аԥснытәи акоманда алахәразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аԥсуа хымхәацәа-ампутантцәа ашьапылампыл маҷ ахәмаррақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп ԥхынгәы 3 рзы Пицунда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз.

Финал Международного турнира по мини-футболу Кубок Победы - Sputnik Аҧсны
"Аиааира Ахраҿа" атурнир аҿы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа аиааира ргеит

"Сара Ашьапылампыл афедерациаҿы аус анызуаз иҳалшоз ала ахымхәацәа-ампутантцәа ркоманда ҳацхраауан. Акомандаҿы ихәмаруеит аибашьра аветеранцәа. Урҭ ҳаҭыр дула ирызнеилатәуп. Акоманда иалахәу шнапыдоугьы, ишшьапыдоугьы аспорт иалахәуп. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа аҿар рзы иҿырԥшыга дууп", - иҳәеит Гәбаз.

Хәышықәса инарзынаԥшуа ахымхәацәа-ампутантцәа ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнирқәа ирылахәымызт. Убри аан аиҩызаратә хәмаррақәа мҩаԥнагон Урыстәыла, Чечниа, Узбекисҭан ркомандақәа ирыцыхәмаруа.

"Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахь азыҳәа наҳашьҭит сынтәа аԥаразоужьра ҳзеиҿнакаарц. Аиашаз, иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ас ирласны аҭак ҳауеит ҳәа ҳаҟамызт. Иахьазы зегь рыла ҳахиоуп. Ҳгәыӷуеит атәыла анҭыҵҟагьы ҳцаны жәларбжьаратә атурнирқәа ҳрылахәхап ҳәа", - иҳәеит акоманда алахәыла Сергеи Барганџьиа.

Урыстәыла ахымхәацәа ршьапылампылтә клубқәа Реидгылеи ҳареи аилацәажәарақәа ҳамоуп ҳкоманда атурнирқәа ралархәразы иҳәеит Џьамал Гәбаз.

"Урыстәыла Ахымхәацәа ршьапылампылтә клубқәа реидгыла ахада Ахиллес Маврофидии сареи ҭелла ҳаицәажәон. Иара шьҭрала Аԥснытәиуп. Аҳәаа анаадыртлак, Аԥсныҟа даараны дыҟоуп, ара ҳаилацәажәоит Урыстәыла имҩаԥгахо атурнирқәеи ахәмаррақәеи рылахәхаразы алшарақәа иҟоу", - иҳәеит Гәбаз. Иара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иҟаиҵаз ацхырааразы.

Аԥсуа хымхәацәа-ампутантцәа ркоманда 11-ҩык ахәмарыҩцәа алахәуп. Урҭ рыбжьара иҟоуп аибашьра аветеранцәа. Ашьапылампыл маҷ адагьы дара рҽаладырхәлоит аҽы-спорттә хәмаррақәа, аԥқьаҭасразы атурнирқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0