Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: араса аҽаҩра еиқәырхахоит еиҳау даҽа мзызк ҟамлар

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы еиҿкаау аусурақәа ртәы.
Џьапуа: араса аҽаҩра еиқәырхахоит еиҭа еиҳау мзызк ҟамлар

"Гал араион аҿы арасазы иҟоу аҭагылазаашьа атәы ҳдыруеит. Уажәы уи злаҳахәшәтәуа ҳамаӡам, адырра ҟаҳҵахьеит, иаараны иҟоуп, нас ишаны ираҳҭоит, анаҩс ҳтехникала ахәышәтәра ҳалагоит. Араион аҿы ишырҳәаз еиԥш аҭагылазаашьа цәгьам, иацәшәаноуп ишырҳәаз. Иҟамлар ахәшә, ииашоуп, аҽаҩра бжьаӡыр ауеит. Аха ахшә ҟалоит, аҽаҩра еиқәхоит, еиҭа еиҳау мзызк ҟамлар. Уажә еиҳарак аԥарԥалыкь ауп иҿианы иҟоу азы араионқәа рҿы ахәышәтәра цоит. Ачымазара еиҳарак амҩа ҿықәқәа рҟны ауп иахьыҟоу, абнатоурахь иҟаӡам, убри аҟынтә иаҳзыманшәалоуп ахәшәтәрагьы, атехника аусура иаҿуп. Уажәы ахәшәтәрақәа аҳәынҭқарра ахахьы иагеит, аус зуа руалафахәы роуртә иҟаҳҵоит, егьи ахәшә ус ираҳҭеит. Араса ахәшә ауп еиҳарак зыхә цәгьоу. Ахәшә анраҳҭалак, доусы ррасаҭрақәа дара рхаҭақәа ирықәырҭәоит. Ахәшә зшо ҟалоит, аха уи араион аҿы иаԥҵоуп абригада ирзыршәоит, ирацәангьы иалҵуам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0