00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥысит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥысит
Ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атурнир иалахәуп акомандақәа ааба: Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра, Гәдауҭа, Аҟәа араионқәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи ркомандақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Мариа Ефимова. Аԥсны ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы ачемпионат хыркәшан ԥхынгәы 15 рзы.

Атурнир мҩаԥысуан Агәыӡератәи аспорт-рзҩыдаратә комплекс "Агәыӡера" аҿы.

Аихшьаалақәа рыла, актәи аҭыԥ ннакылеит Аҷандараа ркоманда, аҩбатәи – аҟәаа, ахԥатәи – Очамчыраа.

Акомандақәа ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.

Адам Царгәыш, Осман Чамагәуа, Данат Ҳагба (Аҷандара), Борис Чан-оӷлы (Очамчыра), Ҭемыр Гәниа (Аҟәа) иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалкааны, аԥхьахәқәа рыҭан.

Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа лажәақәа рыла, ари аҩыза ауснагӡатә ланарԥшыга Гәылрыԥшь араион аҿы иҟамлацызт.

"Иааидкыланы, ачемпионат акыр иинтересын. Ариаҟара ахәаԥшцәа еизап ҳәа ҳақәгәыӷуамызт. Атурнир Агәыӡера ишымҩаԥаагозгьы, атәыла ақалақьқәа зегь рҟынтәи ахәаԥшцәа ҳзааит. Ари акарантин ашьҭахьтәи раԥхьатәи чемпионатуп. Зегь агәахәара ду ҳнаҭеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Ачемпионат алахәылацәеи аиааирагаҩцәеи ирыдныҳәалеит Аԥсны Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа, Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа, Аԥсны Анапылампыл азы афедерациа ахада Баҭал Тапаӷәуа.

Гәылрыԥшь араион ахадараҟынтә атурнир ачемпионцәа иранашьан 500 аԥсар иҟоу абанкнота.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0