Ҳера аныҟала ашьҭахь ҭоурыхлатәи аԥсуа бызшәа акзаарахь ахы архо иалагеит, уи зырццакуаз афакторқәа иреиуан Аԥсны Аҳра ашьақәгылара.
Иахьатәи аԥсуа бызшәа иамоуп ихадоу ҩ-диалектк: бзыԥтәи, абжьыуатәи. Асаӡ диалект еиқәханы иҟоуп ҭырқәтәылатәи, баҭымтәи аԥсуа диаспоракәа рҿы.
Аԥсуа бызшәа ҭырҵаауеит Аԥсны — Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсуа ҳәынҭқарратә университети рҿы, Шоҭа Арсҭаа, Лидиа Ҷкадуа, Виачеслав Чрыгба уҳәа убас егьырҭгьы аҳәаанырцә аҵарауаа-абызшәадырцәа дуқәа аԥсуа бызшәа аҭҵаара рнапы алакуп, Џьорџь Хьиуитт Џьон Коларуссо уҳәа реиԥш иҟоу.