Абык иеиԥш аԥхарра зхылҵуаз: Владимир Аҩӡба игәалашәара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Авидзба
Владимир Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы аус зуаз, ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Владимир Аҩӡбеи ажурналист Сырма Ашәԥҳаи адиаспора ирыдҳәалаз азҵаарақәа рганахьала аимадара рыбжьан. Урҭ ахҭысқәа лгәалалыршәоит анҵамҭа автор.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара анырра ӷәӷәа азҭо арҵаҩцәа, аиҳабацәа уааигәа ианыҟоу, акырӡа аҵанакуеит. Урҭ ражәа ҟәыш, рԥышәа ду, рыхшыҩҵак, иныҟәырго раԥсуара, хымԥада, узну амҩа дырлашоит.

Убас еиԥш, здунеихәаԥшышьа ҵаулаз, аԥсҭазаара ацәгьеи абзиеи рышьхәа ахьеивҵаз здыруаз, зҿабызшәа хааз, здырра ҳаракыз, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус акырӡа иазааԥсаз иоуп ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз, 20 шықәса инеиԥынкыланы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны ахаҭарнакс аус зухьаз Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба.

Виталий Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чамагәуа Владимир Аҩӡба изы: ауаҩы изнеишьа идыруан, дуаҩы аамсҭашәан

Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, Владимир Џьамал-иԥа ихәҭоу ажәа аҳәара сара иагьсылшом, аԥсыуаҵасла иагьсаҭәамзар ҟалап, аха егьа ус акәзаргьы, еиҳабҵас сгәаҵаҿы иааникылаз аҭыԥ иахылҵуа аԥхарра сазааҭгылауа иазгәасҭарц исҭаху маҷым.

Зегь раԥхьа иргыланы, сжурналистикатә усураҿы исыдиҵаз аџьабаа ҭабуп ахысҳәаарц сҭахуп. Ҷыдала, сырҿиамҭақәа аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора изларызку ала, аханатә урҭ реиҿкаара аус аҟны иарӷьажәҩаны исывагылаз иоуп Владимир Џьамал-иԥа. Раԥхьаӡа акәны, Ҭырқәтәыла, аԥсуаа еидызкыло ахәышҭаара ду, Аԥсны ахаҭарнакраҟны "Бзиала баабеит!" ҳәа раԥхьаӡа исԥылаз иара иоуп. Убри аҽны инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аимадара ҳабжьан.

© SputnikВладимир Аҩӡба, Сырма Ашәԥҳа, аԥснытәи аделегациа, аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа Сҭампылтәи аҳаирбаӷәазаҿы
Абык иеиԥш аԥхарра зхылҵуаз: Владимир Аҩӡба игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Владимир Аҩӡба, Сырма Ашәԥҳа, аԥснытәи аделегациа, аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа Сҭампылтәи аҳаирбаӷәазаҿы

Лассы-лассы аҭел сизасуан, ҳдиспора ирыдҳәалаз азҵаарақәа рҟны акы еилыскаарц сҭахызар, иара иакәын сымҩақәызҵоз, иҟаҵатәызгьы сазҳәоз. Владимир Џьамал-иԥа дызлахәу сдырраҭарақәа даҽа гьамак рымоуп сара сзы, аԥсуа цәа рыҟәнуп, аԥсышәа цқьала ицәажәоит, избанзар Владимир Џьамал-иԥа ибжьы рхоуп, иҟәыӷара рнубаалоит.

Акыршықәса инеиԥынкыланы Ҭырқәтәылаҟа усуратә визитла ицоз Аԥснытәи аделегациа срыцын журналистк лаҳасаб ала, исгәалашәом мышкгьы ҳхаҭарнак аҳаиртә баӷәазаҿы даҳԥымлацкәа, ҳдиаспора рыҩнуҵҟа имҩаԥаҳгоз аныҟәарақәа илаԥш рхымкәа, ихы рылаимырхәыкәа. Аизарақәа рҟны дықәгыланы данцәажәоз, зегьы шьхынԥсыланы изыӡырҩуан, иажәахә убриаҟара еиҿкаан, иҵаулан, ихшыҩрҵаган.

Акырӡа гәыҵхас иман ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра, зегь раԥхьа иргыланы аҿар Аԥсныҟа раара, ара аҵараиурҭақәа ирҭаларц, абызшәа, акультура, аҵас, ақьабз, аԥсыуаҵасла ахәыцра уҳәа рылааӡазарц иҭахын. Владимир Џьамал-иԥа ҳаиҿцәарақәа рҟны иазгәеиҭахьан Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала Ҭырқәтәылаҟа хаҭарнакс дшышьҭыз шықәсык ҳәа, анаҩс урҭ ашықәсқәа рхыԥхьаӡара есааира иацлон, убас еиԥш 20 шықәса.

© Foto / Союз Журналистов Абхазии Владислав Арӡынба, Владимир Аҩӡба, Сергеи Багаԥшь
Абык иеиԥш аԥхарра зхылҵуаз: Владимир Аҩӡба игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба, Владимир Аҩӡба, Сергеи Багаԥшь

Ҳдиаспора ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа акырӡа бзиа дырбон, ҳаҭыр ду иқәырҵон, иаргьы убас еиԥш дырзыҟан. Игәы иаланы иҳәон игәҭакқәа шырацәоу, дырхьымӡар ҳәа дышшәо, ишықәсқәагьы ԥырхага ирҭар шыҟало.

Владимир Аҩӡба ихьӡ адҳәалоуп ахәаанырцә инхо аԥсуааи ҳареи ҳаимадара аус, иҳабжьоу ацҳа иаҵоу ауасхыр арӷәӷәара. Иара ибзоураны Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ирымаз агәыбылра еиҳагьы ихацыркхеит, иара убас разнеишьагьы акырӡа аҽаԥсахит.

Ҭырқәтәыла, сара сусуратә мшқәа есшьыжьы Аԥсны ахаҭарнакраҿы, Владимир Џьамал-иԥа иусурҭатә уадаҟынтә иалагон. Исҳәарц сылшоит, сдырраҭарақәа ҳәаақәызҵоз иара иакәын ҳәа, акыр абжьгарақәа сиҭон, иҭазҩышаз аԥсышәала ибзианы ицәажәоз абыргцәа рыӡбахә саиҳәон, иара убас аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа збарц, раԥсуара сагәылаԥшырц аԥсуа қыҭақәа рахь сцарц сабжьигон. Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои рҟны ицоз ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭарақәа азҿлымҳара рыман, уи зыбзоураз дыруаӡәкын иара.

Акырӡа деигәырӷьон аҭоурых еиҟәнашахьаз аишьцәа, аижәлантәқәа анеибаԥшаауаз, аԥсуаа рхьышьҭрахь ианыгьежьуаз. Владимир Џьамал-иԥа Ҭырқәтәыла ицәырганы исирбахьан ақьаад ианиҵоз анапылаҩырақәа, аиҳабацәа дрыҿцәажәон, ирдыруаз аҭоурых мыӡырц азы еидикылон, есааира игәылирҭәаауан, џьашьатәыс иман ҳажәлар рдоуҳамч аӷәӷәара, избанзар абриаҟара аҟыбаӡыба рыхганы ахеиқәырхара ахьрылшаз уамашәа иубаратәы иҟан.

Исгәалашәоит, амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳџьынџьуаа анышә иахьамадоу Қьефқьен аҭыԥ аҿы Владимир Џьамал-иԥа исзеиҭеиҳәаз угәаҵанӡа инеиуаз ажәақәа. Усҟан уа анышәынҭрақәа шыҟаз зегьы ирыздыруамызт. Ҽнак, Владимир Џьамал-иԥа дназлаз,анышәынҭрақәа рҭыԥ арыцқьара ицеит аԥсуаа. Ус ишыҟаз, ҷқәынак арҵәааҳәа дыҳәҳәо ҳхаҭарнак иҽынаигәыдижьлеит. Владимир Аҩӡба азныказы иҟалаз изеилымкааит, Аԥсны аибашьра иалагаз џьишьеит, убриаҟара иҿаԥшылара угәы ҭнаҟьаратәы иҟан уи аҷкәын. Ашьҭахь излеилкаахаз ала, аԥсыжырҭақәа руак аҟны Аҩӡба ҳәа аҩыра зынҵаны иҟаз аҳаҭгәын ибазаап, убри иеиҳәарц азы Владимир Џьамал-иԥа иахь дыҩуа днеизаап.

Владимир Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҟəысба Владимир Аҩӡба изкны: Аԥсны ахаҭарнакраҿы игəалашəаратə хəылԥазы еиҿаҳкаауеит уаха

Ус еиԥш аҭоурых иагәылаҵәаху, ицәыргам амаӡақәа егьа ыҟоуп… Сусуратә ԥышәаҿы убас еиԥш иҟалахьан мчыбжьык ахь ҩынтә Ҭырқәтәылаҟа ацара ансықәшәаз, Аԥсныҟа саареи ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа сеиҭацареи ҩымш заҵәык рыбжьахеит. Аҳаиртә баӷәазаҿы ҳҭыхратә маҭәахәқәа кны аоператори сареи ҳаниба, иааџьеишьеит, аиаша шәасҳәап сагьаарыцҳаишьеит. "Сымра" ҳәа длафны исаиҳәон есымша. "Бара, Сымра, уаҳа Аԥсныҟа бсышьҭӡом, бымнаӡац шысҳәо ҩаԥхьа аара бықәшәоит, амҩа баркареит, бдырраҭарақәа абраҟа еиҿкааны Аԥсныҟа ишьҭла", - иҳәеит, сааигәыдиҳәҳәалан. Абык ихылҵуаз аԥхарра ихылҵуан сара сзы, ҳамҭа хәыҷык сымҭакәа Аԥсныҟа сааимышьҭыцызт, "салаабгәалашәалап" ҳәагьы дааԥышәарччо инациҵон...

Ирацәоуп Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба хаҭала изыскша ажәа ԥхақәа, агәалашәарақәа. Ахааназгьы схы-сгәаҿы даанхеит ачча зҿықәыхху, аҳалалреи ауаҩреи злоу, ԥсыуаҵасла еибарку, агәаӷь ду зызҭоу аԥсыуа хаҵаны, еиҳаб дуны. Ииашаҵәҟьаны, Владимир Џьамал-иԥа ишазгәеиҭоз еиԥш, дызхьымӡаз игәҭакқәа рацәан, иара илиршеит ҳаԥсуа жәлар рҭоурых аҟны ишьҭа ахааназы ианымҵуа азныжьра.

Идунеи иԥсахит ҳәа заҳаз аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа акыр гәыхьла ирыдыркылеит, дыҟамзар ҟалап аԥсыуак аинтернет ахархәара змоу иара изкны ажәа ԥхак зымҳәаз, фотосахьак ҭазымҵаз, акыр ирацәан Аԥсныҟа иаарышьҭуаз адышшыларақәа. Ргәы иаланы иазгәарҭон, иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны, Аԥсныҟа иаартә, аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргартә иахьыҟамлаз.

Агәаанагара сымоуп, Владимир Џьамал-иԥа аџьабаа здибалоз иусумҭақәа аԥхьаҟа хаз шәҟәқәаны иҭыҵып ҳәа, аԥхьаҩцәа ҳзы ирҵаганы иҟалап ҳәа. Игәалашәара лаша ҳацуп…

Ажәабжьқәа зегьы
0