Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа ААУ абитуриентцәа ԥышәарада рыдкыларазы: еиҿцәажәарала иҳадаҳкылахьазгьы ыҟан

© Sputnik / Esma GurguliyaДиана Джинждолия
Диана Джинждолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ААУ абитуриентцәа рыдыркылеит ԥышәарада, абраҟа иазгәаҭатәуп абжаҩык уаанӡа аԥышәарақәа шарҭахьаз. ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы адоцент Диана Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ас еиԥш адҵа аҟаҵара зыхҟьаз.
Аџьынџьалԥҳа ААУ абитуриентцәа ԥышәарада рыдкыларазы: еиҿцәажәарала иҳадаҳкылахьазгьы ыҟан

"Иахьатәи ахҭыс ас еиԥш иуадаҩу аамҭазы ҳажәлар ргәы ҭызгаша акәны иҟаларц иазыԥхьаӡан. Аҿар иааз ракәзар, зегьы еиԥшны ахәшьара узрыҭаӡом. Иҟоуп ибзианы иазыҟаҵоу, иҟоуп ибжьаратәны, иԥсыҽқәоугьы ыҟоуп. Афилологиатә факультет атәы ҳҳәозар, ахәыҷқәа аҵыхәтәантәи атемақәа ирхымсит, аԥышәарақәагьы шарҭаз дыруп, иманшәаламхеит аҵаразы апроцесс ахыркәшара, убри аҟнытә ара гәыбӷан узрыҭаӡом ахәыҷқәагьы. Сара сакәын азҵаарақәа шьақәзыргылоз, убри аҟнытә изхымсыз адҳамгалеит, иалаагалеит иаҳа ибзиан ирдыруа ҳәа ҳгәы иззаанагоз. Аректор ҳаизарақәа рҿы иҳаиҳәон, излауала зегьы ацхыраара раҳҭарц аҭалараҿы. Афилологиатә факультет аҿы еиҳарак ирацәоуп хәыда-ԥсадатәи аҵаразы азанааҭқәа, ахә шәарала ицо, дара хатәгәаԥхарала иалырхыз ауп, урҭ рзы аԥышәрақәа ыҟамызт сынтәа, аиҿцәажәара мацара акәын. Убыс еиԥш иҭалаз ыҟоуп, еиҭа иҟалараны иҟан, аха иахьатәи адҵа зегьы аԥсахит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0