АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму агәаҭаразы 48-ҩык ауааԥсыра атестқәа ирхыжьын, урҭ рахьтә аӡәгьы ачымазара ҿкы илам ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Апандемиа ааҟалеижьҭеи иахьатәи аамҭазынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 98-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рааигәа аамышьҭразы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы аилатәара мҩаԥган
-
Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада: агоспиталь аҟны аҳақьымцәа азхом