Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачлиа еиҭеиҳәеит сынтәа икарпыжә аҽаҩра зеиԥшроу

© Foto / предоставил Зураб Пачулия Зураб Пачулия
Зураб Пачулия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Зураб Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарпыжә аарыхра анхаҩы феидас изалоу, уи аарыхреи аҭиреи ирыцу ауадаҩрақәа ртәы.
Ԥачлиа: акарпыжә ҟаҵаны исҭиип ҳәа ақәгәыӷра цәгьоуп

"Митәык ҟасымҵозаргьы зқьи хәышә ҩ-нызқь жра есышықәса иҟасҵалоит, аибашьра ҟалаанӡагьы уи акәын ҳазҿыз. Акарпыжә ус унадаххыланы иаразнак ишыҟауҵалак ауӡом, алаҵара, арашәара ишахәҭоу нап адкылазар, анхаҩы ихәон, иҵгәон ԥарала. Ҳаазқәылаз аамҭақәа рҽырԥсахзар акәхап, иаҳа-иаҳа ицәгьахоит, еиҵахоит, иаарыхны агарҭа анҳамамгьы ыҟоуп… Ажәлар акы аадымрыхар ҟалом, агарҭа аныҟамлалакгьы аарыхрагьы цәгьоуп.
Сынтәа аӡыс аамҭақәа ыҟан, заанаҵы илаҳҵаз даара еиҭакит, изымӷьацеит. Аҩынтәраан илаҳҵаз хар амамкәа идәықәлан, аха ашәшьы ихылало аҿа ааӡара иаԥырхагоуп, икаԥсоит. Акарпыжә хар амамкәа аҽеиҵнахит, аха аҽаҩра маҷуп. Сара стәы мацара акәӡам ус иҟоу, агәылацәа ҳахьеибабогьы ирҳәоит аҿара маҷуп, ишнеиуа, ҭачкәымк, ҵәак ишаҟароу ицәыҵаканӡоит", - иҳәеит Ԥачлиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0