Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: иаҳдыруан ажь, амандарина шыхәышәтәтәыз, убас шьҭа ихәышәтәлатәуп арасагьы

© Sputnik / Илона ХварцкияАбесалом Кварчия
Абесалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арасаарыхра знапы алаку Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхарц азы иҟаҵатәны ииԥхьаӡо.
Кәарҷиа арасазы: ажәытәан еиԥш ирмарианы аҟаҵара, аархыра шьҭа иаҳхашҭроуп

"Араса аарыхцәа иара атәы рҵеит. Раԥхьа ирымаз аԥырхага, ачымазарақәа, ирҵеит иарбан хәшәқәоу ианаало, аха макьана ауаа еиҭа идырдырлатәуп, идырҵалатәуп. Араса аазрыхуа иахьа агротехника ишацәыхароу аныԥшуеит. Аԥсабара аҽаԥсахит, адгьылгьы ааԥсеит шьҭа, хәыҷык уи уамыцхраар аҽаҩра уоуӡом, ажәытәан ишыҟаз еиԥш иҟаӡам шьҭа. Ацхыраара азымҭаз, изымхәышәтәыз зегьы рраса чмазаҩуп. Ҭыԥк аҿы иахьгәасҭаз 40 рыц рҟынтә ҩба роуп ибзиаз. Ажәытәан ишыҟаз араса ирмарианы аҟаҵара, аархыра, уи шьҭа иаҳхашҭроуп. Иаҳдыруан ажь, амандарина шыхәышәтәтәыз, убас шьҭа ихәышәтәлатәуп арасагьы. Анхаҩы иҵаҳәатәуп иҟаиҵар акәу, агрономцәа ыҟазароуп араса атәы здыруа. Гал араион уи аганахьала ҳаԥхьаҟа ицеит, урҭ ирымоу араса ахәышәтәышьа рҵеит, азнеишьа рҵеит, араса ҵыԥхгьы ибзиан, сынтәагьы ус. Арахь ҳқыҭақәа рахь ус ажәҩан иаҵаԥшуа итәаз "акагьы ахьӡом, уи усшәа иунарбоит" ҳәа. Аха ачымазара аҩныҵҟа иаӷралоит, аӡын нҵәаны ааԥын ҳанҭало аамҭаз акгьы аныԥшӡом, ауаҩы ираса бзиоушәа ибоит, аха убысҟан ихәышәтәтәуп. Ҳгәы итоуп анхаҩцәа рзы амзақәа инарықәыршәаны иҟарҵаша атәы зҳәо аԥҟарақәа раҳҭарц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0