Ҳгәы кылнаҵәеит: Слава Сақаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа игәалаиршәеит

© Foto / Саида ЖибаСлава Сақаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа игәалаиршәеит
Слава Сақаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа игәалаиршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2008 шықәса, нанҳәа ааба рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аӷа данақәла, рхатә хьаа еиԥш ирыдыркылеит Аԥснытәи рашьцәагьы. Усҟантәи аамҭазы Гагра араион акультура аҟәша аиҳабыс иҟаз Слава Сақаниа еиҭеиҳәеит ауаԥсаа адгылара рыҭаразы агәыҳалалратә марафон шымҩаԥыргаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Нанҳәамза, Гагра акурорт аамҭа иашыкьымҭан. Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра хлымӡаах аналага, дарбанызаалак ԥсыуак ила акы амбо, игәы иҭаҵәахыз ихатә хьаа ахы цәырнагеит. Избанзар ари амза ҭаацәацԥхьаӡа имӷьо ахәра ҳзаннаҵахьан 1992 шықәсазы.

Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр Ақәымчра змам адунеи аиҳабы Далила Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аполитолог: Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра анцоз Аԥсны ашәарҭара иҭагылан

"Аахыҵ-Уаԥстәыла "чистое поле" захьӡыз ақырҭцәа рқәылара ҳагәқәа кылнаҵәеит. Ҩаԥхьа ҳхатәы хәрақәа хьыухьыууа иалагеит. Усҟан Гагра араион Ахадара аиҳабыс иҟаз Асҭамыр Қьецбеи, Араионтә Еизара иахантәаҩыз Рудольф Алшәындбеи, акультура аҟәша аусзуҩцәеи ҳааилацәажәан иҳаӡбеит агәыҳалалратә марафон шымҩаԥааго, илҵуа аԥарақәа ҳашьцәа рахь ишаҳшьҭуа", - ҳәа игәалашәоит Слава Сақаниа.

Амарафон здырҳәалаша агәыҳалалратә концерт амҩаԥгара амш азалхра ишазхәыцуаз, Аԥсны Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы аоперациа иалагеит. Уи ашьҭахь ауп ргәы рҭынчны ҩаԥхьа ари аус ианазыхынҳә. Аконцерт арыцхә азԥҵәан нанҳәа 26 рзы. Усҟан дара ргәы иаанагомызт уи аҭоурыхтә ҵакы шаиуаз.

"Нанҳәа 26 ашьыжь, асааҭ 11 рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра шазхаиҵо иҳәеит. Хымԥада, уи ҵҩа змамыз гәырӷьарахеит. Ахәылбыҽхан еиҿаҳкаараны иҟаз алахьеиқәҵара зцыз ҳконцерт агәырӷьара иазкхеит, шәаҳәарахеит, кәашарахеит. Асцена аҿаԥхьа ишьақәыргылаз аурна, аҭааҩцәа реиҳараҩык баша иавсуамызт. Доусы илшоз ацхыраара ааирԥшуан", - еиҭеиҳәоит иара.

Ҩымш-хымш рышьҭахь амарафон аҿы еизгаз аԥарақәа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа иган. Аделегациа напхгара аиҭон Гагра Араионтә Еизара ахантәаҩы, аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба, агәыԥ иалан Пицунда ақалақь ахадас иҟаз Беслан Арӡынба, адепутат Беслан Смыр, Слава Сақаниа ихаҭа.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ҩ- еибашьрак ргәалашәареи, рхьааи, рҵакыи

"Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоиты ҳнеира дазыԥшын. Иареи сареи уи аԥхьаҟагьы аиҩызара ҳабжьан, Цхьинвал изныкымкәа сцахьан. Аиаша шәасҳәап ақалақь ҳаналала азнык азы ҳгәы ҭԥсааит, хыбрак ԥсҭазаарак анубааломызт. Аҳәынҭқарра ахада дахьтәазгьы ахыԥҽыхақәа ақәҳаит, амала икабинет еиқәхеит. Аҩыза хымԥада гәаартыла ҳидикылеит. Ҳмарафон абзоурала илҵыз аԥарақәа раҳҭарц шаҳҭаху ҳҳәеит, сымҩашьозар 120 нызқь ыҟан. Едуард Кокоиты ашкол адиректор дааиԥхьан, уи инапы иаҳаркит", - иажәа иациҵоит Слава Сақаниа.

Гагра араионтә делегациа Цхьинвал ҽнактәи рыҟазаара иалагӡаны аҳҭнықалақьи, акәша-мыкәшеи аҭагылазаашьа ҭырҵааит. Ргәы шрыхьуазгьы, ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа иақәгәыӷуа ихынҳәит.

Ҳашьцәа ауаԥсаа ирхыргаз ахлымӡаах лымҳаҭаслеи, сахьалеи акәӡам ҳара ишаҳдыруа, уи амҩа ҳаргьы ҳанысхьеит. Иахьа аҩ-ҳәынҭқаррак иҳамоу ахьыԥшымра нагӡара ақәзааит. Ашьа зхьыршу ҳҭынч ԥсҭазаара зырхәашьуа ҟамлааит ҳәа иҳәоит ажурналист Слава Сақаниа.

Иара убс шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0