Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа акарпыжә аҽаҩразы: анхаҩы аџьармыкьатә економика дахәаԥшны иаарыхра ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа акарпыжә аҽаҩреи ахаҭабзиареи зеиԥшроу, аҭыԥантәи анҭыҵынтәи иаарго аалыҵқәа аџьармыкьатә економикаҟны реизыҟазаашьа шышьақәгылоу.
Барганџьиа акарпыжә аҽаҩразы: анхаҩы аџьармыкьатә економика дахәаԥшны иаарыхра ҟаиҵеит

"Акарпыжә аҳәынҭқарра анаплакқәа рҟынтәи иаадрыхӡом, иаазрыхуа анхацәа роуп, насгьы еиҿкааны фирмақәак змоу. Урҭ иҳарҭаз адыррала сынтәа ф-нызқь тонна рҟынӡа аарыхра ҟалоит ҳәа ауп. Ҵыпхәи ашықәс угозар иаҳа ирацәан. Уигьы змаҷхаз, аарыхыҩ изымҭиир иҽаҩра, аԥхьаҟа иагирхоит. Сынтәа ачымазара ҿкы (акоронавирус – аред.) иахҟьаны, иаазхәо маҷхоит ҳәа иагырханы иларҵеит. Анхаҩы аџьармыкьатә економика дахәаԥшны иаарыхра ҟаиҵеит. Ҵыԥх иаҿырԥшны аҽаҩра иаҳа имаҷуп, аха ахаҭа бзиоуп, иаазхәо ҟалар. Ҳара ҳаҩныҵҟатәи аџьармыкьазы мацара ирацәоуп иаадрыхуа. Акарпыжә ҳара ҳҟны иҟалаанӡа Урыстәылантә иааргоит. Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра ыҟоуп уаантәи аалыҵ аагаразы, мап ҳзацәкӡом. Уаантәи аалыҵ аҭагалара ахала иаангылоит, аҳәааҿы ашәахтәқәеи ирхашәалои анырԥхьаӡалак, аҭыԥантәи акарпыжәқәа аџьармыкьахь ирацәаны ианнаарго ашьҭахь", - азгәеиҭеит Барганџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sрutnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0